Версия для печати
28 июня 2020

Уаҵәы иацҵахоит Аҟәа аҧшаҳәаҿы иҧжәаз аӡымҩангага аиҭашьақәыргылара

Иун 28 рзы Аҟәа аҧшаҳәаҿы аӡымҩангага ҧжәеит.

Уи иахҟьаны ақалақь ахъҭак ӡыда иаанхеит. Аҟәа ақалақь акоммуналтә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа изларҳәо ала, ара иҵо аӡымҩангагақәа 70 ш. инарзынаҧшуа ирхыҵуеит. Уажәы иахьҧжәаз ахәҭа аиҭашьақәыргылара ауӡом, алыхәҭа еиҧш икылыжәжәаны иҟоуп аҟнытә, уи зынӡа иҧсахтәуп. Иҧжәаз аӡымҩангага аура маҷым, иҧсахтәхоит ари аквартал иахьаҵанакуа. Уажәазы аӡы ақалақь аҿы иаурышьҭит, аха уаха аӡы аҿырхуеит, нас ашьыжь шаанӡа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыцырҵоит. Изларҳәо ала, урҭ аусурақәа уаҵәы хәылбыҽханӡа изалгаӡом.

 

Прочитано 854 раз