• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
24 декабря 2020

«Аҧсадгьыл»: шәҟазшьа шыҟоу еиҧш, ауадаҩрақәа риааишьагьы шәақәшәоит

«Аҧсадгьыл»: шәҟазшьа шыҟоу еиҧш, ауадаҩрақәа риааишьагьы шәақәшәоит афото: Е. Ҵышәба

Ареспубликатә ауаажәларратә еиҿкаара «Аҧсадгьыл» алахәылацәа Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба имшира идырныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

Ҳаҭыр зқу Беслан Фиодор-иҧа!

Иахьа шәара шәнапы алакуп акыр аҭакҧхықәра зцу аус. Ачымазара ҿыц ицәырҵыз иахҟьаны уи аҭакҧхықәра еиҳахеит. Аха шәҟазшьа шыҟоу еиҧш, ауадаҩрақәа ицәырҵуа риааишьагьы шәақәшәоит.

Шәара аус ахьыжәуазаалакгьы есымша апрофессионалра аашәырҧшуан, иахьагьы уи рбарҭоуп аус зцыжәуа, ақалақь ауааҧсыра. Аҳәынҭқарра ахадарагьы уи гәаҭаны ауп аҭакҧхықәра зцу аус зшәыдыргалаз.

Ареспубликатә ауаажәларратә еиҿкаара «Аҧсадгьыл» алахәылацәа рыхьӡала ишәыдаҳныҳәалоит шәымш ира, ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, аҧхьаҟагьы ауадаҩрақәа шәыриааиртә еиҧш агәамч.

Ишәыцыз аманшәалара!

Ҽаанбзиала!

 

Прочитано 898 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки