• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
16 февраля 2021

Авҭандил Сурманиӡе: ирацәаҩуп амаининг-аппаратқәа Урыстәылаҟа ргара иалагаз

Аҟәа ақалақь ахадараҿы феврал 15 рзы имҩаҧгаз аилатәара алҵшәақәа ртәы арадио Sputnik Аҧсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ Авҭандил Сурманиӡе.

Аҟәа ақалақь ахадараҿы амаининг-фермақәа рыҧшаареи раҿыхреи азы иаҧҵоу аоперативтә штаб аусура абзоурала  аҳҭнықалақь аҿы 20 мегаватт рҟынӡа иларҟәуп афымца аныхра арбагақәа, ҳәа азгәеиҭеит Сурманиӡе.

«Ес-ҩымш ақалақь ахада иҿы аизарақәа ҳамоуп «СУЕС», «Енергосбыт» рнапхгара алархәны, «Технадзор» «Амшынеиқәафымцамчи» рҟынтә уҳәа зегьы ҳаидтәаланы ҳалацәажәоит амаининг-аппаратқәа рыҧшаарази раҿыхрази аусмҩаҧгатәқәа шымҩаҧысуа. Аҭагылазаашьа шеиӷьхаз убаратәы иҟоуп. Аҵыхәтәантәи аҩ-мыш рзы маҷк иазҳаит афымцамч аныхра, уи зыхҟьо ахьҭақәа ахьыҟалаз азы ауаа арҧхагақәа раҿакра иахьалаз ауп, рҳәеит аспециалистцәа», - иҳәеит иара.

Сурманиӡе иажәақәа рыла, џьара знык ианаҿырхлак ирыҧшааз амаининг-ферма шамахамзар аҩынтә раан иаҿазкуа маҷуп.

«Уарла-шәарла акәымзар, шамахамзар иаҿаркӡом, аха уи аҩыза ҟазҵаз иҿы аҩынтә раан ианнеилак афымцацәаҳәақәа хырҵәоит. Аилибакаара ахьрымоу ыҟоуп, абжеиҳараҩык фымцада ҳаанхар шҳалшо еилыркаауеит. Ирацәаҩуп аппаратқәа ықәганы Урыстәылаҟа ргара иалагазгьы. Аҩнеихагылақәа рҿы инхо ауааҧсыра рыбжьара аизарақәа рацәаны имҩаҧызгахьеит, ақалақь аҿы инхо ирҳәеит, ҳуадақәа ахьыҟоу аӡәы изықәгылазар шәара џьабаас ишәаҳҭаӡом, уи аҿихырц ҳара агәылацәа ҳнеины, ҳара ҳхәыҷқәа, ҳбыргцәа, ҳчымазцәа ирҧырхагахоит, ахьҭа иаҳцәакуеит, уи аҩыза аус ҟаумҵан ҳәа иаҳҳәоит ҳәа. Агәра ҳдыргеит рхала инеины ишрарҳәо», - иҳәеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ.

Иахьазы афымцамч Урыстәылантәи ауп Аҧсны ишаауа, Егры астанциа аусура аанкылоуп. Убри аҟынтә еиҳаракгьы афымцамч ацәаҳәақәа иреиҷаҳатәуп, иҳәоит Авҭандил Сурманиӡе.

«Амаинингқәа русура аанаҳамкылар, афымцәаҳәақәа жәа-нызқь вольт мҩанызго абылра иалагоит, усҟан акагь ҳахәаӡом, мызкы-ҩымз Аҧсны ахыи-аҵыхәеи фымцада иаанхар алшоит. Убри азоуп ҳааҟәымҵӡакәа амаиниг-фермақәа рыҧшааразы аусмаҩҧгатәқәа ҳзырҿу», - иҳәеит иара.

Аҟәа ақалақь ахадараҿы феврал 15 рзы имҩаҧгаз аилатәараҿы ирылацәажәеит иара убас акоронавирус иадҳәалоу аҧкрақәа рырҧсыҽра.

«15-мш раҧхьа иаҳа иуадаҩын аҭагылазаашьа, ҽнак ала 180-ҩык чмазаҩхон, аҧҟарақәа иалаҳгалаз – аџьырмыкьақәа графикла русура, ақьафурҭақәа, акаҳауажәырҭақәа русура аанкылара, ачарақәа рымҩаҧымгара уҳәа, иҟаҵаз аҧкрақәа алҵшәақәа роуит. Урҭ рышьҭахь имаҷхеит ачымазаҩцәа рхыҧхьаӡара. Уажәы уахики-ҽнаки ичмазаҩхо 50 рҟынӡа ауп иахьнеиуа. Аҳақьымцәеи амедиаҳәшьцәеи рызхара имыцәа, аибашьраан еиҧш, ауаа реиқәырхара иаҿуп сҳәар сылшоит. Урҭгьы хәыҷӡак аҟара рыҧсы рҳаршьеит ҳәа сгәы иаанагоит, аџьабаа ирбо ахәшьара аҭара даара иуадаҩуп», - иҳәеит Авҭандил Сурманиӡе.

Иара иажәақәа рыла, иаарласны еиуеиҧшым аҧкрақәа ырҧсыҽхоит, аха асабрадақәа рныҟәгареи ауаа рацәа ахьеилагыло адистанциа хымҧадатәины иаанхоит.  

 

 

 

Прочитано 1497 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки