Версия для печати
25 июня 2021

Аҟәа ақалақь ашколқәа рҟны имҩаҧысит «Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы»

2020-2021-тәи аҵарашықәс хыркәшо Аҟәа ақалақь ашколқәа зегь рҟны имҩаҧысит «Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы» иазкыз аныҳәатә цәаҳәақәа. Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит 540-ҩык аушьҭымҭацәа рзы.

Аушьҭымҭацәа ирыдныҳәаларц ашколқәа рахь имҩахыҵит Аҟәа ақалақь Аҵара Аусбарҭа аусзуҩцәа.

Ари амш аушьҭымҭацәа рзы акрызҵазкуа ныҳәуоп. Аҵаҩцәа ирызгәакьоу рышколқәеи рырҵаҩцәеи ааныжьны ианылоит амҩаду.

«Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы» аушьҭымҭацәа рзы ашколқәа рҿы еиҿкааз доусу рхатә знеишьақәа рыман, аҧшӡареи аиҿкаареи рыцын. 

Арҵаҩцәа роушьҭымҭацәа ирзеиӷьаршьеит ақәҿиара дуқәа раҧхьаҟа, агәабзиара, аҭынч ҧсҭазаара!

 

 

Прочитано 657 раз