Версия для печати
23 июля 2021

Аҳәынҭқарратә бираҟ амш инамаданы Аҟәатәи ақалақьтә Еизара ахантәаҩы адныҳәалара ҟаиҵеит

Аҳәынҭқарратә бираҟ амш инамаданы Аҟәатәи ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Иракли Харчлаа адныҳәалара ҟаиҵеит.

Уаҟа иаҳәоит: «Аҳҭнықалақь иқәынхо ауааҧсыра, Аҧсны атәылауаа зегьы ишәыдысныҳәалоит Аҳәынҭқарратә бираҟ амш!

1992 шықәсазы ҧхынгәымза 23 рҽны ҳтәылазы иуадаҩыз ауаажәларратә-политикатә ҭагылазаашьаҿы ишьақәырӷәӷәан Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟи агерби. Уи ҟалеит акыр зҵазкуа ҭоурыхтә хҭысны.

1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны имҩаҧысуаз Аџьынџьтәылатәи еибашьраан Аҳәынҭқарратә бираҟ аиааиреи ахьыҧшымреи ирдыргахеит.

Иахьатәи аамҭазы, ҳбираҟ аусеицураан аихьӡара дуқәеи ҳагәҭак ҿыцқәа рынагӡареи рзы агәацҧыҳәара ҳнаҭоит. Ҳазгәдууп, ҳбираҟ ианыҧшуеит зегьы – иаҳхаагахьоу, ҳазҭагылоу, иаҳҧеиҧшу. Иара ҳарҭ зегьы ҳаиднакылоит.

Ари амшныҳәа аҽны Аҟәатәи ақалақьтә Еизара адепутатцәа рыхьӡала гәык-ҧсыкала ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, ақьиара, анасыҧ, аманшәалара, Аҧсны ҧхьаҟа изгаша аихьӡара дуқәа!

Ҳауаажәлар, ишәыдысныҳәалоит Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ амш!» 

 

Прочитано 679 раз