Версия для печати
09 сентября 2021

Аҟәа ақалақь акоммуналтә усбарҭа иаиуит атехника ҿыц

Аҟәа ақалақь ахадара акоммуналтә усбарҭа аҳҭнықалақь амҩадуқәа рыҧссаразы иаиуит иҿыцу атехника.

Урҭ аахәаны иаагоуп Чебоксартәи атрактортә зауад аҟынтә.

Ааҧын аусуратә визитла Аҟәа ақалақь ахадара Чебоксары рыҟазаара аан ирҭааит еиуеиҧшым анаплакқәа. Убас, Чебоксартәи атрактортә зауад «ЧЕТРА» аҿы ирбаз акоммуналтә техника аархәарц рыӡбеит аҳҭнықалақь азы. Мызқәак анҵы ашьҭахь ақалақь зларыҧссо амашьынақәа ҩба Аҟәаҟа иаагоуп. Аҧссара адагьы аидара зларга-ҩарго амаругақәа рыцуп. Урҭ амашьынақәа рыҩбагьы ирықәхарџьуп бжь-миллион мааҭ инарзынаҧшуа.

Амшын аҧшаҳәа Алашарбага араион азааигәара иҷыдоу атехника раҧхьатәи аус аушьа абаразы днеит ақалақь ахада Беслан Ешба.

Чебоксартәи азауад  аҟынтә иааз аспециалистцәа мышқәак Аҧсны иҟалоит, амашьынақәа ишахәҭоу рныҟәцашьа ддырҵоит аҳҭнықалақь акоммуналтә усбарҭа аусуцәа.

Акоммуналтә усбарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Руслан Аҩӡба иазгәеиҭеит, атехника аҧссара аус шарццакуа. Шәагаала иахьхәыҷу иабзоураны, иахьзымнеиуа ҭыҧ ыҟаӡам. Амҩа аҿықәи атротуари рыбжьараҵәҟьагьы иавнаҧссауеит.

 

Прочитано 632 раз