Версия для печати
27 сентября 2021

Ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Иракли Харчлаа Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит

Ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Иракли Харчлаа Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит фото: Э. Цишба

Цәыббрамза 27 рзы Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амш азгәарҭоит.

Аныҳәа инамаданы Аҟәатәи ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Иракли Харчлаа адныҳәалара ҟаиҵеит:

Ҳаҭыр зқәу, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа, ақалақь ауааԥсыра! Иахьатәи аныҳәа шәадныҳәалаз!

Цәыббрамза 27, 1993 шықәса – Аҟәазы акыр зҵазкуа ҭоурыхтә хҭысхеит. Абри амш аҽны 28 шықәса раԥхьа ҳаҳҭнықалақь ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟнытә ахы иақәиҭтәын.

Шьала икәабоуп ҳаҳҭнықалақь ахақәиҭра амш! Аԥсны иреиӷьӡаз арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, Нхыҵ Кавкази Урыстәылеи рҟынтә хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа, Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа уҳәа ахақәиҭреи ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥши рхы ақәырҵеит.

Иахьа иаҳгәалаҳаршәоит Аҟәа ақалақь ахақәиҭра зыбзоуроу ҳфырхацәа, ҳрызгәдууп ари аҭоурыхтә хҭыс иалахәыз ҳабацәа, ҳабдуцәа.

Аҟәа ахақәиҭтәра амш аҽны Аҟәатәи ақалақьтә Еизара адепутатцәа рыхьӡала аибашьраҿы аџьабаа збаз аветеранцәа, урҭ рҭаацәа, аибашьра иалиааз ахәыҷқәа гәык-ԥсыкала сшәыдныҳәаларц сҭахуп. Ишәыгымзааит агәабзиара, агәырӷьара, ақьиара, ишәхалашо ажәҩан цқьазааит!

Иҟазааит цәыббрамза 27 ақалақь ауааԥсыра рабиԥарақәа еимаздо, ҳзызгәдуу ныҳәатә мшны!

 

 

 

 

Прочитано 878 раз