Версия для печати
29 сентября 2021

Аҧсны аибашьраан иҭахаз Иура Кациеи Валери Аҩӡбеи ргәалашәара иазку амемориалтә ӷәы аадыртит дара ахьынхоз аҩнаҿы (афото, авидео)

Аҟәа Ешба имҩаду игылоу аҩнеихагылақәа руак аҿы иаадыртит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ҩыџьа аибашьцәа рыхьӡ ахьану амемориалтә ӷәы.

Ҩнеихагылак аҿы еицынхоз Иура Кациеи Валери Аҩӡбеи аӷа хәымга иҿагыланы еибашьуан.

Иура Кациа имоҭа Диана Рагимова еиҭалҳәеит лабду сентиабр 16 1993 шықәса рзы дышҭахаз. Агәымшәаразы амедал ианашьоуп.

Валери Аҩӡба марттәи ажәылараан дҭахоит. Леон иорден ианашьоуп. Агәалашәаратә усмҩаҧгатә далахәын уи иҧа Дамеи Аҩӡба, иара ҩ-шықәса ракәын ихыҵуаз иаб данҭахоз.

Амемориалтә ӷәы аартра аан Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ Автандил Сурманиӡе иҳәеит аҩнеихагылаҿы икыдырҵо аӷәы еибашьуаз афырхацәа рыхьӡ амырӡра ишазку.  

Аибашьцәа рҭаацәа ҭабуп ҳәа рарҳәеит аҩнеихагылаҿы инхо агәылацәа, урҭ раҧшьгаралоуп амемориалтә ӷәы аартра шыҟалаз. Рхала зегьы андырхиа ашьҭахь ауп ауацәа ааҧхьара анрырҭаз.

Амемориалтә ӷәы ақәыршә шкәакәа ахырхит Иура Кациа имоҭа Диана Рагимовеи Валери Аҩӡба иҧа Дамеи.

Анаҩс еизаз зегьы неит ааигәа игылоу амемориалтә комплекс ахь. Ара рпатретқәа кыдуп Кинопрокат ҳәа иахьашьҭоу аҳаблаҿы инхоз иҭахаз аибашьцәа.

Урҭ рыбжьара дыҟан 18-шықәса шихыҵуаз аибашьра ицаз Беслан Касланӡиа. Иан Аграфена Кецба илгәалалыршәоит, уҧа заҵәуп, умцан еибашьра ҳәа иаанкылара лышҽазылшәоз, аха «азаҵәқәа зегьы рҽыҧхьаркыр, изыхьчоза ҳ-Аҧсынра» ҳәа илаҭеикыз ажәақәа дышдырхәыцыз. Иқәра шмаҷызгьы иааирҧшыз агәымшәаразы Аграфена Кецба лҧа дизгәыдууп.

24-шықәса зхыҵуаз Аҧсны Афырхаҵа Мераб Тарнаа Черкесск аҵараиурҭа далганы Аҧсныҟа дхынҳәит аибашьра аналагоз аламҭалазы. Аусурахь аҭыҵра иаӡаанӡа аҭынч ҧсҭазаара ҟаларц азы абџьар шьҭихыр акәхеит. Снаиперс иҟаз Мераб Тарнаа аидысларақәа руак аҿы амацәаз дҭаркит, аӷацәа рнапаҿы дҟамларц ихы деихсуеит.

Акинопрокат аҳаблаҿы инхоз иҭахаз ранацәа Аҟәа ахақәиҭтәреи аиааира амши разгәаҭара аан еснагь еиқәшәоит амемориалтә комплекс аҿы. Рыҷкәынцәа ргәалашәара еснагь ирыцуп, аха уеилызкаауа угәырҩа ануцеиҩишо, маҷк аҟара угәы аҟажоит, рҳәоит анацәа. 

 

Прочитано 901 раз