Версия для печати
05 октября 2021

Жьҭаарамза 5 – Жәларбжьаратәи Арҵаҩы имш азгәарҭоит

Аныҳәа инамаданы Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Иракли Харчлаа арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

Акыр иаԥсоу ҳарҵаҩцәа, аҵараиурҭақәа русзуҩцәа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩцәа, ааӡаҩцәа! Сареи, Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәеи ҳахьӡала гәахәара дула ишәыдаҳныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа!

Жьҭаарамза 5, 1994 шықәса раахыс Жәларбжьаратәи арҵаҩы имш адунеи аҿы иазгәарҭо иалагеит. Аамҭа цацыԥхьаӡа адунеи аҽаԥсахуеит, аха арҵаҩы изанааҭ аҭакԥхықәреи, аҳаҭыри, апатуи шамац иаанхоит. Шәарҭ Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо иқәынхо арҵаҩцәа ишәылшо зегь ҟашәҵоит ахәыҷқәа аҵаратә, адоуҳатә ааӡара рымазарц. Ҳаамҭазы аҿкы чымазара ицәырнагаз ауадаҩрақәа шмаҷымгьы, тәамҩахә ҟамҵакәа шәус шәазааԥсоит.

Ҳаҭыр зқәу Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩцәа, ааӡаҩцәа, арҵаҩцәа қәыԥшцәа, шәара изызҳауа аҿар рааӡараҿы, урҭ ҳмилаҭтә культуреи аҵасқәеи рылааӡараҟны шәааԥсара шьарда ирацәоуп. Шәдыррақәа зыцеиҩышәшо аҿар роуп уаҵәы ҳмилаҭ ԥхьаҟа изго, ҳҳәынҭқарра аизҳа-зыӷьра зыбзоурахо.

Иахьа, арҵара аус знапы алаку шәзанааҭтә ныҳәа мшы аҽны ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, аманшәалара, шәџьабаа пату ақәырҵаларц шәҵаҩцәеи урҭ рҭаацәеи.

Шәныҳәаз, ҩаԥхьагьы шәзанааҭ аҿы аизҳара дуқәа шәымазааит!

  

Председатель Сухумского городского Собрания Ираклий Харчилава поздравил учителей с профессиональным праздником.

В поздравлении отмечается:

Уважаемые педагоги, работники образовательных учреждений, ветераны педагогического труда!

С особым чувством благодарности и уважения от имени депутатов Сухумского городского Собрания и себя лично поздравляю вас с профессиональным праздником!

Как и во все времена, профессия учителя одна из самых важных и почетных. Именно вы делаете всё возможное, чтобы следующее поколение жителей столицы было по-настоящему образованным и духовно богатым. И в очень сложных условиях пандемии вы продолжаете самоотверженно трудиться.

Дорогие ветераны педагогического труда и молодые специалисты, спасибо вам за ваш бесценный, труд, за то, что умеете сочетать преданность лучшим традициям педагогики с готовностью шагать в ногу со временем. Вы вкладываете в подрастающие поколения современные знания и уверенность в своих силах.

В этот праздничный день желаем вам, уважаемые работники системы образования, здоровья, семейного благополучия, благодарных учеников и родителей.

С Днем учителя!

 

 

Прочитано 459 раз