Версия для печати
05 октября 2021

Аҟәа аҵара аусбарҭа ахьӡала арҵаҩцәа рпрофессионалтә мшы рыдырныҳәалеит

Аҟәа аҵара аусбарҭа ахьӡала арҵаҩцәа рпрофессионалтә мшы рыдырныҳәалеит aфото: culture.ru

Аҟәа ақалақь аҵара аусбарҭа ахьӡала арҵаҩцәа рпрофессионалтә мшы рыдырныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

Ҳгәыӷрақәа зегьы зыдҳәалоу Ҳарҵаҩцәа!

Иарбан аамҭазаалакгьы амилаҭ шьаҭамырӡгас ирымоу рџьынџь-дгьыли рбызшәеи рҵарадырреи роуп. Даара ҭакԥхықәроуп арҵаҩы инапынҵа. Уаҵәтәи ҳԥеиԥш зааӡо знапы иану Арҵаҩы, ихьӡ аԥсахареи аныҟәгареи даара иуадаҩу, аха иԥшьоу иҳаракыроу мҩахьанҭоуп!

Шәара ари ахьӡ ҳаракы шәаԥсоуп шәхы шәыԥсы, шәыԥсҭазаара зегьы аҵаҩцәа рааӡара иазкуп.

Гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит Арҵаҩы имш!

Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, аԥеиԥш лаша, аҵарашықәс маншәала!

Шәыхьӡ ҳаракны изҳәаша ҵарала  ишьҭызхша аҵеира лаша азышәааӡааит Ҳ-Аԥсынра!

 

Прочитано 580 раз