Версия для печати
09 декабря 2021

Беслан Ешба ихантәаҩрала имҩаҧысит акоронавирус аҧырҟәҟәаразы аоперативтә штаб аилатәара (авидео)

Аҟәа ақалақь ахадараҿы Беслан Ешба ихантәаҩрала имҩаҧысит аҳҭнықалақь акоронавирус аҧырҟәҟәаразы аоперативтә штаб аилатәара.

Апандемиа хьаҵуам, иҟоу аҭагылазаашьа агәҭынчымра узцәырнагоит, абас далагеит аилатәара Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба. Еизаз рҿы иҭиҵаауан, аҳҭнықалақь аҿы аиепидемиологиатә ҭагылазаашьа аазырҧшуа ахыҧхьаӡарақәа.

Аҟәа ақалақь агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуба илҳәеит, апандемиа аналагаз инаркны Аҟәеи Аҟәа араиони рҿы ишычмазаҩхаз 13 491-ҩык, ишыхәышәтәыз 12 520, рыҧсҭазаара иалҵит 235.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Асҭамыр Гәниа иҳәеит 40-ҩык шышьҭоу, аа-ҩык урҭ рахьтә ачымазара иӷәӷәаны излаҽны иҟоу роуп.

Аҟәа ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл илҳәеит аҵаҩцәа рыбжьара ковид зыхьуа шырацәахаз. Убри аан арҵаҩцәа рыбжьара урҭ ачымазцәа маҷхеит. Уи авакцинациа ахьыҟарҵо иадҳәалоуп ҳәа агәаанагара ыҟоуп. 723 арҵаҩцәа рҟынтә авакцина рыларҵахьеит 140-ҩык.

Ичмазаҩхаз аҵаҩцәа зегь реиҳа рхыҧхьаӡара ахҧатәи ашкол 5-7 аклассқәа рҿы иахьырацәоу азы, аҵара аусбарҭа Аҟәа ахада иахь ааҧхьара ҟарҵоит мчыбжьык ашкол абжьаратә классқәа раркразы.

Беслан Ешба Аҟәа ақалақь асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева илыдиҵеит агәаҭаратә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧылгарц ашколқәа рҿы, асанитартә ҧҟарақәа иахьынӡарықәныҟәо аилкааразы. Иара убас илыдиҵеит абанкеттә залқәеи, ақьафурҭақәеи рҿы агәаҭарақәа мҩаҧылгарц ашықәс ҿыцтәи аныҳәақәа рзы ауаа рацәа злахәхо аилатәарақәа ҟалараны иҟоу-иҟаму аилкааразы.

Аилатәараҿы Беслан Ешба ҷыдала дазааҭгылеит Аҟәа ақалақь ахадара иаҵанакуа аусбарҭақәа рҿы авакцинациа шымҩаҧысуа. Аҟәатәи ацхыраара лас астанциа аҳақьым хада Аслан Џьапуа иҳәеит 50-ҩык иусуцәа рҟынтә 37 авакцина шрыларҵахьоу.

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ Асҭамыр Ашәба иажәақәа рыла, дарбанызаалак имоуп азин ихатә лкаа аҟаҵаразы, аха апандемиа аан ауаажәларра ргәабзиара зыхьчаша дазхәыцуазароуп. Авакцина ауаа рыҧсҭазаара еиқәнархоит, иҳәеит Ашәба.

Аилатәараҿы иара убас иазааҭгылеит Аҳабла ҿыц аҿы афельдшертә пункт аартра азҵаара, сынтәа уажәшьҭа иахьӡом, аха ҽааны хымҧада иаартхоит.

 

Прочитано 834 раз