Версия для печати
14 декабря 2021

Аҟәатәи ашколқәа рҟны имҩаҧган итрагедиатәу амш иазку аусмҩаҧгатәқәа

Аҟәа ақалақь Аҵара аусбарҭа иаҵанакуа аҵараиурҭақәа рҟны имҩаҧысуеит аҧсуа жәлар рзы итрагедиатәу амш иазку аусмҩаҧгатәқәа, аанацҳауеит Аҟәа ақалақь Аҵара аусбарҭа апресс-маҵзура.

Ари аҽны ашколқәа рҟны имҩаҧган алахьеиқәҵаратә цәаҳәақәа, акласстә сааҭқәа, ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара.

1992 шықәса ҧхынҷкәын 14, Аҧсны аҭоурых ианхалоит хашҭра зқәым мшы еиқәаҵәаны.

Имӷьаӡо хәраны ақырҭуа фашизм Аҧсны иазыннажьит Лаҭатәи атрагедиа.

 

афото: Аҟәа ақалақь Аҵара аусбарҭа

Прочитано 674 раз