Версия для печати
18 марта 2022

Гулиа имҩаҿы аҵла амашьынақәа ахьымҩасуа игылоуп

Аҟәа амҩадуқәа реиҭашьақәыргылараан Гулиа имҩаҿы игылоу аҵла ду ахҵәара ақәшәоит, уи амашьынақәа ахьымҩасуа иахьангыло аҵыхәала.

Уаандза амҩа ҽеила иҟаҵамызт, аҵла инавс-аавсуан, аха акаҭран анықәдырҭәалак, аҵла амашьына аҿаҧхьаҵәҟьа иаацәырҵуеит.

Аекологцәа рганахьала аҵла ахҵәаразы амзыз ыҟам, аха ара иалхтәуп еиҳа ихадароу – ауаҩы иҧсҭазаара аиқәырхара, мамзаргьы ҵлак ҧҟаны уи ацынхәрас аҿыц аиҭаҳареи аку. Амҩа иангылоу аҵла ашәарҭара арҿиоит.

Аекологиазы аҳәынҭқарратә комитет ахантәаҩ Савели Ҷыҭанааи ауаажәларратә палата алахәыла Ҭемыр Ԥиҧиеи аҵла ахҵәара мзызс иамоу иазкны ргәаанагара рҳәеит.

 

Прочитано 722 раз