Версия для печати
18 мая 2022

Аҟәа ахада аҳамҭақәа ранаишьеит «Аԥсы ҭоуп аԥсуа литература, егьызҩыдоуп» аконкрус аҿы ахәаҧшцәа иалыркааз аҵаҩцәа

Аҟәа ахада аҳамҭақәа ранаишьеит «Аԥсы ҭоуп аԥсуа литература, егьызҩыдоуп» аконкрус аҿы ахәаҧшцәа иалыркааз аҵаҩцәа Афото: Аҵара аусбарҭа

Аҟәа ақалақь Ахадара Аҵара аусбарҭа аҧшьгарала аҳҭнықалақь ашколхәыҷқәа рыбжьара имҩаҧган «Аԥсы ҭоуп аԥсуа литература, егьызҩыдоуп» захьӡыз аҭҵаарадырратә конкурс.

Аконкурс рызкын 2021-2022 шықәсқәа рзы зиубилеиқәа азгәарҭоз ашәҟәыҩҩцәа – Алықьса Гогәуа, Џьума Аҳәба, Омар Беигәаа, Баграт Шьынқәба, Мушьни Миқаиа, Самсон Ҷанба, Никәала Ҳашыг, Витали Амаршьан, Сарион Таркил, Иван Папасқьыр.

Аицлабра рҽаладырхәит бжь-школк рҵаҩцәа. Аҵарашықәыс алагамҭаз ирылаҳәаз аконкурс алҵшәақәа еихыршьалеит маи 17 рзы.

Шықәсык аҩныҵҟа ашколхәыҷқәа еиқәдыршәар акәын ашәҟәыҩҩы изку альбом.

«Хықәкы хадас иҳамаз ашәҟәыҩҩцәа ирызку иҿыцу информациак аҵаҩцәа рырҧшаара акәын. Уи азы аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргар акәын, абиблиотекаҿ иашьҭаланы шәҟәык иаҧхьар, амузеи иаҭаар акәын. Ажәакала, аҭҵаарадырратә ус мҩаҧыргар акәын. Ашкол аҿы урҭ напхгара рзыруан аҧсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа. Еиҳа аҵаҩцәа рхыҧхьаӡара ахьырацәаз ашколқәа иаздырхион ҩба-ҩба альбом», - лҳәеит аконкус аиҿкаара аидеиа зызцәырҵыз Аҟәа ақалақь Ахадара Аҵара аусбарҭа аспециалист хада Нонна Ломиа.

Аконкурс ажиури – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧхазоу, апоетцәа Анатоли Лагәлаа, Заира Тҳаицыкә, Аҧсуа радио адиректор Адгәыр Гәынба злаз иалыркааит аҧхьахә згаз ашколқәа хҧа: актәи аҭыҧ ааннакылеит 10-тәи ашкол, аҩбатәи – 4-тәи ашкол, ахҧатәи – 6-тәи ашкол.

Ахәаҧшцәа рыбзиабара иаҧсахаз ҳәа иалкааз Аҟәатәи абжьаратә школ №5 аҵаҩцәа Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба ихьӡала агәаларшәаратә ҳамҭақәа ранаршьеит. Иара убас ашкол иарҭеит аноутбук. Урҭ иаздырхиаз Баграт Шьынқәбеи Омар Беигәааи ирызкыз альбомқәа ашәҟәыҩҩцәа рмузеи ахь ирыдыркылеит, ахаҭабзиара аҳаракыраз, аҵаҩцәа иҭырҵааз аинформациа амузеи ахь имҩахыҵуагьы азҿлымҳахоит ҳәа иҧхьаӡаны.

Прочитано 730 раз