Версия для печати
13 июля 2022

Аҟәеи Бриански апартниортә еимадарақәа рышьақәыргыларазы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи Брианск ақалақь ахада Марина Дбари Аҟәа ақалақьи (Аԥсны Аҳәынҭқарра) Брианск ақалақь ақалақьтә округи (Урыстәылатәи Афедерациа) рыбжьара аусеицуреи апартниортә еимадарақәа рышьақәыргылареи рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Аганқәа реизыҟазаашьа мҩаԥысуеит аиҟарара, апартниорра, наҟ-ааҟ аицыфедамазаара рыпринципқәа рыла, жәларбжьаратәи азин апринципқәа напхгагас иҟаҵаны.

Аганқәа аусеицура мҩаԥыргалоит абарҭ аусхкқәа рҟны:

  • аҭыԥантәи ахаланапхгараҭара;
  • акультуреи аҟазареи;
  • агуманитартә усхк;
  • аҭҵаарадырреи аҵареи;
  • атуризми аспорти;
  • агәабзиарахьчара;
  • ахәаахәҭра-економикатә усхк;
  • аекологиа

 

Прочитано 362 раз