Версия для печати
25 августа 2022

Аҵара аусбарҭа аметодеидкылақәа рхантәаҩцәеи ашколқәа рырҵаҩцәеи злахәыз аилатәара мҩаҧсит

Аҵара аусбарҭа аметодеидкылақәа рхантәаҩцәеи ашколқәа рырҵаҩцәеи злахәыз аилатәара мҩаҧсит афото: Аҵара аусбарҭа

Аҟәа ақалақь Аҵара аусбарҭа имҩаҧнагеит аметодеидкылақәа  рхантәаҩцәеи ашколқәа рырҵаҩцәеи злахәыз аилатәара.

Аилатәарақәа мҩаҧыргеит Аҟәа ақалақь Аҵара аусбарҭа аспециалист хадацәа:

  • Аҧсуа бызшәеи алитературеи рзы - Н. Шь. Ломиа;
  • Аҭоурых азы - Н. Гь. Ханагәуа;
  • Аҵара-ааӡара азы — М. Т. Цыгәба.

Иалацәажәеит 2022-2023-тәи аҵарашықәсазтәи апланқәа, иазгәаҭан аҧсахрақәа. Ажәалагала ҟаҵан аҵаҩцәа аҧсуара рылааӡара азҵаара иҵарны иқәыргылазарц.

Иазааҭгылеит зегьы ирхадаз азҵаара - аҵара ахаҭабзиара ашьҭыхра, аҵаҩцәа ҿарацәа ацхыраара рыҭара, иҿыцу атехнологиақәа рхархәаразы акурсқәа реиҿкаара, уҳәа убас ирацәоуп излацәажәаз, аанацҳауеит Аҟәа ақалақь Аҵара аусбарҭа.

 

Прочитано 383 раз