Версия для печати
04 декабря 2022

Аҟәа ашколқәа рыбжьара ашахматтә еицлабра мҩаԥысит

Аҟәа ашколқәа рыбжьара ашахматтә еицлабра мҩаԥысит aфото: К. Ҭыжәба /Facebook

Аҟәа ақалақь Аҵара аусбарҭа иаҵанкуа ашколқәа рыбжьара имҩаԥысит ашахматтә еицлабра, азеиԥшқалақьтә спартакиада-2022 апрограммала, аанацҳауеит Аҵара аусбарҭа апресс-маҵзура.  

Атурнир мҩаҧган ҩымш, рхы аладырхәит 45-ҩык инареиҳаны аҵаҩцәа, урҭ еисон 3 шахматтә ӷәы рҟны.

Аицлабра аихшьаала ҟаҵо аиааира ргеит:

1 аҭыҧ - Б. У. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №1;

2 аҭыҧ - Н.А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә Ашьхарыуаа рышкол №10;

3 аҭыҧ - Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №4.

 

Афото: Аҵара аусбарҭа

Прочитано 504 раз