Версия для печати
08 февраля 2023

Аҟәа ахада Аҳабла ҿыц иҟоу агәамсам еизгарҭахь днеит (+видео)

Алашарбага араион аҿы агәамсам еизгарҭаҭыҧ анадыркы, абар шықәсқәак ҵуеит уи аамҭала еизыргоижьтеи Аҳабла ҿыц аҿы.

Аҳҭнықалқьтә усбарҭа «Аиқәыршәразы» агәамсам Гал араион аҿы иҟоу аполигон ахь ес-ҽны иргоит. Аха мышкала Аҟәа еизырго агәамсам убриаҟара ирацәоуп, ақәгара иахьӡаӡом. Аус арманшәаларазы аҳҭнықалақь ахадара иаанахәеит атонна рацәа зкуа амашьына дуқәа, ргәы иҭоуп даҽа самосвалк аахәара.

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба днеины ибеит агәам-сам еизгарҭаҿы иҟоу аҭагылазаашьа. Иара иҳәеит ишеиликаауа ааигәа-сигәа инхо ауаа ргәынамӡарақәа, аха маҷк ауп иаанхаз. Апроблема ӡбахоит Кацикыт аполигон ҿыц аусура ианалагалак.

Уажәааигәа Аҧсны ахада имҩаҧигоз аилатәараҿы ирҳәеит агәамсам еизгарҭаҿы инагӡатәу аусмҩаҧгатәқәа ахыркәшарахь ишнеиуа.

Прочитано 384 раз