• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
20 марта 2023

Аҵарадырра аусбарҭа имҩаԥнагеит ашколқәа рҵаҩцәа злахәыз аконкурс «Аҳы, ижәдырузар?»

Аҟәа ақалақь иатәу амуниципалтә Усбарҭа "Аҵарадырра анапхгара"  имҩаԥнагеит ашколқәа рҵаҩцәа злахәыз аконкурс: «Аҳы, ижәдырузар?», «Аҧсуара сацуп, исыцуп!» атемала, аанацҳауеит Аҵарадырра аусбарҭа.

Аконкурс қәкыс иаман Аҧсуа ҳәынҭқарра аҧсуа цәа аҟәынҵаны иҳарҿиаларазы аҿар аҧсуаҵас рааӡара, аҧсуарахь рхьарҧшра. Ҳабацәа рҟазшьеи рыламыси урҭ рдоуҳатә ҧсҭазаара иахәҭакны рыҟаҵара.

Ирзымдыруа аҭҵаара, убри алагьы аиқәырхара жәытәнатә аахыс ҳабацәеи урҭ рабацәеи Анцәа изиҳәоз: "Ҳаҧсуара Анцәа иумырӡын!"

Аицлабра рхы аладырхәит 8-11-тәи акласссқәа Аҟәа ақалақь аԥсуа школқәа №4, №5, №10, аԥсуа сектор ахьыҟоу ашкол №6 рҵаҩцәа, ааҧхьара рыман еигьырҭ ашколқәа рхаҭарнакцәагьы.

Аҵаҩцәа рҽазыҟарҵон ашәҟәыҩҩы, ауаажәлаарратә усзуҩы Н. Ҳашыг ишәҟәы "Аҧсуара ашьаҭақәа" ала. Убри анаҩсгьы, аконкурс алахәылацәа ашколтә программа иалоу, аҧсуара ахьаарҧшу аҩымҭақәа ргәаладыршәеит.

Иҭырҵаауан аҧсуа традициақәа ирыдҳәалоу еиуеиҧшым азҵаарақәа. Аҧсуара иазку ажәеинраалақәа исахьаркны ирыҧхьеит. М. Лакрба иновеллақәа рыла ақәгыларақәа дырбан. 

Ааҧхьара рыман:

Арда Ашәба - Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аиҳабы;

Иван Миқаа - ашәҟәыҩҩы;

Адгәыр Какоба - Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет адоцент;

Сима Аргәын - Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аусзуҩы;

Аруна Чагәаа - Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аусзуҩы.

Аицлабра зхы алазырхәыз зегьы иранашьан аҳаҭыртә бӷьыцқәеи Н. Ҳашыг ишәҟәы "Аҧсуара ашьаҭақәа".

 

Прочитано 278 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки