Версия для печати
22 марта 2023

Авҭандил Сурманиӡе: Аӡәы ихала акагьы изыӡбаӡом, аибарххара аҭахӡам

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ Авҭандил Сурманиӡе аполитикатә партиа «Амцахара» изаамҭанытәиу асиезд аҿы  дықәгылеит.

Авҭандил Сурманиӡе иқәгылараҿы иҳәеит:

Ҳакәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа ҳаизнагеит. Аҩныҵҟатәи ҳҭагылазаашьа аполитикахь идырхо иалагеит. Аҧсны аҩныҵҟа зегь аӡааҟәрылара иаҿуп рҳәеит, иҽеиу акагьы ыҟам рҳәеит. Сара убас сҳәарц сҭахуп, иахьа аоппазиациаҿы иҟоу аҷкәынцәа зегьы ҳдыруеит, ҳҩызцәа, ҳашьцәа роуп, аха урҭ зегьы абыржәраанӡа аҳәынҭқарра иахагылаз роуп, иҟарҵазгьы, иҟарымҵазгьы ҳдыруеит.

Иахьа Аҧсны ахада Аслан Гьаргь-иҧа дызлагалакгьы, ари уалакьысыр ҟалом, ари ҟауҵар ауам, егьи уур ауам рҳәоит. Нас ҳашҧанхари, ҳ-Аҧсны азауадқәа аус рымуазар, аӷбақәа, адәыӷбақәа ҳамамзар. Ҳҩыза аурыс дҳавагыланы иахьа дҳацхраауазар, аҧара ҳаиҭозар, шәхы шәахә, шәҳахьчоит иҳәазар, зегь реиҳа ихадароу аусқәа ихахьы игеит. Ижәдыруеит 2008 шықәсанӡа ҳхала ҳаныҟаз, Аҧсынра анаҳахьчоз шаҟаҩы ҳҩызцәа, ҳаибашьцәа ҭахахьаз, дара аурысцәагьы ирацәаны иҭахахьан. Ҳаназхарҵа ашьҭахь урҭ азҵаарақәа аурысцәа рхахьы иргеит. Ҳара аҩныҵҟа аҿиара ҳалагеит, аха ҳазҿиаӡом. Ҳазҿуи – аибарххара, аибафара. Ақалақь ахадараҿы аус ахьаҳуа ауаа инеиуа, иҟои, алхрақәа ҳрылагама, апрезидент алхра аамҭа ааима ҳәа иҵаауеит.

Иахьа убри аамҭа ҳамоума ҳара-ҳара ҳаиҿагыланы ҳаибарххо, ҳаибафо, амилаҭ хәыҷы. Уаҵәы агеноцид ҳақәшәар ауеит. Убри ҳазхәыцрауеи.

Аурыс иахьа 57 ҳәынҭқарра дырҿагыланы аибашьра даҿуп. Убри ҳара иҳавамсыкәа ҳазцар ибзиоуп аха, иӷәӷәаны иаҳнырыр ауеит. Ҳанцәажәо ҳхәыцны ҳцәажәалароуп. Аурыс иуоп иахьа ҳара ҩызас иҳамоу. Ҳзықәгәыӷуа ҩызас ҳәа уаҳа аӡәгьы дҳамаӡам, ҳзыхьчо иара иоуп.

Аҧсны аҳәынҭқарра ахада Москва данцалак – дызцеи, иҟаицои, дзымҵааи рҳәоит. Белоруссиа данцазгьы ахадацәа рыҩныҵҟа аиҩызара рыбжьалар убри цәгьоума? Уигьы дҳавамгыло аекономика аганахьалоума, Анцәа иҟаумҵан, аибашьра ҳақәшәаргьы, шаҟа аҩыза ӷәӷәа думоугьы, ҳаргьы иаҳа ҳаӷәӷәахоит ҳаҩныҵҟа.

Аҧыза-министр Алеқсандр Золотинск-иҧа, иара иаҟара ауаа ақыҭараҿы, ақалақь аҿы инхо ирыцхраахьада. Уахгьы-ҽынгьы аусура даҿын, иахьагьы даҿуп.

Сара убасоуп ишеилыскаауа – аҳәынҭқарраҿы уаныҟам, зегь хәарҭоуп, уара уанахагылоу – Лукаа даноурыжьуа ахаан исзеилкааӡом. Ҳҩызцәа, ҳашьцәа рыхәдақәа хыҵәҵәаны изшьуаз иаужьра аҭахуп ҳәа агәра ҳдыргон усҟан. Упатриотзар зегьынџьара упатриотзароуп. Иналх-аалхны уҽырпатриотны уҽыҟаумҵароуп. Ҳара зегьы аҳәынҭқарра азыҳәан ҳгәы былуеит. Аӡәгьы игәы иаанамгааит, Аҧсны иахагылоу Аслан Гьаргь-иҧа иоума, Алеқсандр Золотинск-иҧа иоума, ҳара адукатцәас ҳрымоуп ҳәа. Урҭ рхазын иагьдукатцәоуп, иагьиуристцәоуп, ауаҩы иацәажәашьагь рымоуп, рыхшыҩгьы ыҟоуп.

Аимак-аиҿакқәа ҳаарҟәаҵны адәаҿы, ауаагьы рхы еилаҳгеит, уахьгьы анахьгьы. Џьоукы ақыҭақәа, ақалақьқәа ирылоуп. Уаҩҵас ҳазлацәажәаша уск ауп иҳамоу – Аҧсны шеиқәҳархаша, ҳажәлар шеиқәҳархаша, аибашьра шыҟамлаша. Аҳәынҭқарра иахагылоу иаҟара, Урыстәыла ицаны аурысцәа ирацәажәахьада. Кабинетцыпхьаӡа Кремль драцәажәаны даауеит Аҧсны иахәо ак сзыҟаҵанда ҳәа. Алеқсандо Золотинск-иҧагьы уахгьы-ҽынгьы илшо даҿуп.

Афымца аганахьала азҵаарақәа иахьоума ианықәгылаз. Ҩажәижәаба шықәса ирбылгьо иҳаман ҳаауан. Иахьа амаининг иахҟьама, егьи иахҟьама хышықәса-ҧшьышықәса азҵаара цәырымҵыр ауан, аха 2017 шықәса рзоуп Аҧсны аагара ианалагаз. Иахьатәи ахада иакәӡам иаазгаз. Уи иаҿагыланы ақәҧара иаҿуп, афымца азҵаара иаҳа еиӷьхарц азыҳәан, уаҩҵас алашара ҳаурц азыҳәан. Иахьа афымцацәаҳәақәа, ашьаҟақәа ҧсахтәуп, аҧара рацәаны иақәҵатәуп, жәаба-жәохә миллирд рҟынӡа аҭахуп, сара иахьынӡаздыруа, уи аҩыза аҧара ҳара иҳамаӡам.

Аамҭа цәгьа ҳҭагылоуп даара. Зегь ҳаидгылар, ҳаивагылар «Амцахарагьы», «Аруаагьы», егьырҭ апартиақәагьы ҳаизаны џьара ҳаицәажәар, Аслан Гьаргь-иҧа ахаангьы иҳәоит, шәааи ҳаицәажәап, ҳаидтәалап, апроблема аӡбара ахырхарҭақәа ҳаӡбап ҳәа. Аӡәы ихала акагьы изыӡбаӡом, аибарххара аҭахӡам.

 

 

 

 

Прочитано 343 раз