• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
17 мая 2023

Беслан Ешба аҳҭнықалақь аобиектқәа жәпакы рҿы аиҭашьақәыргыларатә усқәа шцо гәеиҭеит

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аҳҭнықалақь аобиектқәа жәпакы рҿы аиҭашьақәыргыларатә усқәа шцо гәеиҭеит. Уи дицын ихаҭыҧуаҩ Автандил Сурманиӡе, амуниципалтә усбарҭа «Горстроипроект» аиҳабы Асҭамыр Ҧиҧиа.

Аҳабла ҿыц Киараз амҩаду аҿы акатран ақәҵара иаҿуп. Ианар аахыижьтеи Аҧсны акатран ҭзыжьуа азауадқәа аус ахьырымуаз иахҟьаны, уаанӡа изалшомызт уи аус амҩаҧгара.

Иааиуа амчыбжь инаркны ақалақь аҩныҵҟа имҩаҧыргалоит аҭаҟәаҭаҿарҭақәа рремонт. Убри аан еилкаатәуп, ақалақь аҿы ишыҟоу ақалақь иаҵанакуа еиҧш, ареспубликатә трасса иаҵанакуа амҩақәагьы, аха ақалақь аиҳабыра уигьы лаҧшыда иаанрыжьуам, рхахьы иргоит аҭаҟәаҭаҿарҭақәа рремонт.

Аҟәатәи ахәбатәи ашкол аҿы ашҭа арҽеира иаҿуп. Уи хыркәшахоит маи анҵәамҭаз, аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы ашҭа ҧшӡаҿы имҩаҧыргарц.

Аҟәа ақалақь ахада днеины ибеит аиҭашьақәыргыларатә усқәа шцо Гәыма амҩаҿы. Ара ахаҳәтә ҭӡамц еиҭашьақәыргылан. Уажәы абордиурқәа рыргылара иаҿуп, анаҩс атротуар ҟарҵоит. Иҳәатәуп, Гәыма амҩа иаҿыгоу ахәышәтәырҭахь ицо амҩа абетон шықәҵаз.

Аҟәатәи ашьхаҟынтә ақалақь уахьалаҧшуа актәи аҭоурыхтә комплекс аҿы аиҭашьақәыргыларатә ус дуқәа ирҿуп. Иҟаҵатәу ахьырацәо азы, ааигәа еиуеиҧшым адекор аелементкәа ахьыҟарҵо ацех маҷгьы аадыртит.

Аҟәатәи ашьхаҿы иҟоу аӡыршә еиҭашьақәыргылахоит. Уажәы ареставраторцәа аӡыршә иҭагылоу аскульптура абӷьыцқәа еиҭашьақәдыргылоит. Аӡыршә акәша-мыкәша иахьаҵанакуагьы еилдыргоит, асқамқәа, агәамсам еизгарҭа дыргылоит.

Аҟәатәи ашьхаҟынтә ақалақь уахьалаҧшуа хыхьтәи аҧшырҭа атротуартә плитка шьҭаҵоуп, излахкааз амхуп, аҿыц ҳаракырала еиҳахоит, ауаа ршәарҭадара азҿлымҳара азуны. Ашьхаҟынтә ақалақь алаҧшра зыруадаҩуа еимиааз аҵлақәа аекологцәа ишрабжьырго ала ихырффахоит. Аҟәатәи ашьхахь ухазгало амҩаҿы иҟаҵахоит алашара, иахьаҭаху ашьаҟақәа ргылахоит.

Ацҳа ҟаҧшь аҿы иацырҵоит аиҭашьақәыргыларатә усқәа. Ацҳа хызкаауа дрыцқьоит, иахьаҭаху идырҿыцуеит, алашаратә цәаҳәақәа адгьыл иҵарҵоит, атротуартә хәҭа адемонтаж ҟарҵеит, идырҿыцуеит.

Аҟәа ақалақь ахадеи ихаҭыҧуаҩи неины ирбеит ажәиҧшьтәи ашкол аспорт зал аиҭашьақәыргылара иахьаҿу. Ара иара убас ҿыц иҟаҵахоит аҽыҧсахырҭеи, абҩарҵәыра рҽахьазыҟарҵои, арҵаҩцәа рзы ауадеи.

Ахҧатәи ашкол аҿы акрыфарҭа аиҭашьақәыргыара иаҿуп. Мызкала иалгараны иҟоуп. Мызқәак раҧхьа ари ашкол аҿы ақалақь ахадара ацхыраарала иҧсахын акттә зал аҿы адашьма.

Анаҩс, Аҟәа ақалақь ахада днеины дахәаҧшит аҳҭнықалақь еиуеиҧшым аҭыҧқәа иахьышьҭаҵаз атротуартә плитка. Аинрал Аршба имҩа, аҩны 47 анхацәа иҟарҵаз аҳәара ала, ақәа анауаз рашҭаҿы аӡы меизаларц абетон ықәырҭәан, иара убас аҩны акәша-мыкәша атротуартә плитка шьҭаҵан.

Беслан Ешба иара убас игәеиҭеит ишықәҵаз атротуартә плитка Аиааира апроспект ҩны азааигәара.

Беслан Ешба дыҩналаны ибеит Аҩнусбарҭа №3 аҿы Аҟәа ақалақь ахадара ацхыраарала еиҭашьақәыргылаз ауадақәа. Ара Беслан Ешба илаҧш иҵашәеит аҩналарҭаҿы игылаз атерминал. Аҩнусбарҭа аиҳабы Асҭамыр Матуа иҳәеит, ауаа акоммуналтә шәахтәқәа ршәараан, ҳаамҭа иашьашәалоу амыругақәа лассы-лассы рхы ишадырхәо.

Тарас Шамба ихьӡ зху апарк аҿы шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргыларатә усқәа мҩаҧысуеит. Иқәырхит амҩахәасҭақәа рҿы иажәыз аплитка. Апарк аҿы аӡы ҭамтәаларц иҭабо иҟарҵоит. Еиҭашьақәыргылахоит аӡыршә. Уи аамҭазы уа иҭо аҧсыӡқа ииаргоит Баграт Шьынқәба ихьӡ зху апарк аҿы иҟоу аӡыршә ахь.

Аҟәа аиҳабыра излазгәарҭаз ала, аиҭашьақәыргыларатә усқәа ртемп иацҵахоит. Афинансқәа рганахьала аиҵахара ҟалом, амш ирнаҭар.

 

 

Прочитано 312 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки