Сергеи Багаҧшь ихьӡ зху ашҭаҿы иахәҭоу аусқәа рымҩаҧгаразы, иара убас араҟа аҩбатәи аҳәынҭқарра ахада ибаҟа ақәыргыларазы аҳәынҭқарратә комиссиа шеиҿкаау. Уи алахәылацәа ирыларҳәеит жәларбжьаратәи аконкурс, уи иалҵшәаны ашҭа зеиҧшрахо рыӡбоит. Араҟа аӡыршәга ақәнагом ҳәа аӡбамҭа рыдыркылар, иара ииагахоит даҽа ҭыҧк ахь.