Аҟәа Ахьӡ-аҧша апарк аҿы аҵлақәа еиҭарҳаит - 80 кипариси, 15 акамфортә ҵлақәеи.
Аиҭаҳарақәа мҩаҧыргеит Аҟәа ахадара иаҵанакуа ақалақь ариаҵәаразы аусбарҭа аспециалистцәа.
Аиҭаҳатәқәа Очамчырантәи иааргеит уи знапы алаку аусдкылаҩцәа рҟынтәи. Аспециалистцәа изларҳәо ала, Аҧсны анҭыҵ иаархәо раасҭа урҭ рыхәҧса акыр имаҷуп.
Аҧхьаҟа Аҟәа ақалақь егьырҭ апаркқәа рҿгьы аҵлақәа ахьажәыз рыҧсахра азгәаҭоуп. Зынӡа уи азы уажәы иаархәеит 165 ҵла – акипарисқәеи, акамфортә ҵлеи, османтуси.