• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
06 мая 2021

Беслан Ешба иҳәеит Аҟәа аҵлақәа рыхҵәара ианаҿу зны-зынла амилициа дрыҧхьар шиҭаху

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба имҩаҧигеит ақалақь ацқьара иазкыз аилацәажәара.

Уи иалахәын акоммуналтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа, аҩны еилазаарақәа реиҳабацәа, ақалақь арыцқьара знапы иану анаплакқәа рхаҭарнакцәа.

Беслан Ешба иҳәеит иара иахьазы иҟоу аҭагылазаашьа шигәуамҧхо, ақалақь ацқьара шагу.

Ақалақь ахада маи 20 рзы «Ицқьоу ақалақь» захьӡу акциа амҩаҧгара рылаиҳәеит. Уи иалахәхоит ақалақь аусбарҭақәа, ақалақь аҿы инхо, убас ақалақь ахадара ааҧхьара ҟарҵоит уи рхы аладырхәырц ақалақь аҿы иҟоу аусбарҭақәеи анаплакқәеи русзуҩцәагьы.

Аҟәа ақалақь аҿы иҟоуп ареспубликатә ҵакы змо амҩақәагьы. Урҭ ақалақь аусбарҭақәа рахь иаҵанакӡом, аха Беслан Ешба иҳәеит ацқьара знапы иану ишахәҭоу уи рзымҩаҧымгозар, урҭ аусурақәагьы ақалақь ахахьы иагар шаку.

Аҟәа арыцқьара знапы иану аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа ирҳәеит ақалақь арыцқьаразы ауаа шырзымхо. Аус зуаз аиҳарак атәым ҳәынҭқаррақәа рҿынтәи иааз ракәын, урҭ анца, аҭагылазаашьа цәгьахеит. Аус зурц инеиуа аҭыҧантәи ауааҧсыра рус анагӡара рҭахӡам, ҳәа азгәарҭоит акоммуналтә усбарҭақәа реиҳабацәа. Азиантәи уаанӡа Аҟәа аус зуаз ҧыҭҩык аауеит ҳәа ирзыҧшуп. Беслан Ешба иҳәеит аҭагылазаашьа шеиликаауа, аха ақалақь шрыцқьалатәу. Аҩнусбарҭақәа реиҳабацәа иреиҳәеит ацқьара иахылаҧшларц аҩнеихагылақәа рааигәа-сигәа, иаҳарак Аҳабла ҿыц аҿы.

Беслан Ешба иҳәеит аҭагылазаашьа анеиӷьымха, аус мҩаҧызго рганахьала аиқәшаҳаҭрақәа шаанкылахо.

Ақалақь ахада иазгәеиҭеит арыцқьарақәа ахьымҩаҧырго аҭыҧ ирыцқьан иааныжьны имцакәа, иахылаҧшуа, амш иалагӡаны еизо агәам-сам ықәызго ауаҩы дыҟазарц шаҭаху. Иаҳаракгьы азҿлымҳара арҭаларц амшын аҧшаҳәа.

Беслан Ешба Аҟәа ақалақь аҿы аҵлақәа рыхҵәара знапы иаду аусбарҭақәа русура аамҭала зынӡа иааныркыларц реиҳәеит. Иазгәеиҭеит зны-зынла аусурақәа ианырҿу амилициа дрыҧхьар шиҭаху.

Ақалақь ахада иҳәеит азин рымамкәа, аӡәы ҵлак ахҵәара иҭаххар, уи дара рхы аларымгаларц.

Прочитано 913 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки