Акциа рхы аладырхәит ақалақь администрациа аусзуҩцәа, администрациа иаҵанакуа аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа, убас Аҟәа иҟоу аминистррақәеи анаплакқәеи русзуҩцәа, акциа алахәхара иахәҭаны изыҧхьаӡаз ақалақь ауааҧсыра.
Аҟәа ахадара аусзуҩцәа агәам-сам ықәыргон амшын аҧшаҳәаҿы. Уи рхы аладырхәит еилыхра ҟамҵакәа зегьы – ақалақь ахада, уи ихаҭыҧуаа, администрациа аусзуҩцәа. Аусурақәа ихы рылаирхәит атехникатә инвентаризациа аҟәшаҿы 1964 ш. раахыс аус зуа Лев Давид-иҧа Малиагьы, иара 81 ш. ихыҵуеит.
Ақалақь арыцқьарахь иҭыҵыз ауааҧсыра ақалақь аҟынтәи иаҭаху амаругақәа рырҭон – анапҭарҧақәа, агәам-сам ахьеизырго ааҵәақәа, аҳәҳәҳагақәа, уҳәа егьырҭгьы.
Иахьа Аҟәа араионқәа зегьы рҿы аус руан администрациа иаҵанакуа аусбарҭақәа – Араион Ҿыц, Ажәытә ҳабла, Маиак, Турбаза, Синоп уҳәа.
Аҟәа ақалақь ахадара иҭабуп ҳәа рарҳәоит акциа зхы алазырхәыз зегьы, агәра ргоит аҧхьаҟагьы ақалақь ацҟьаразы ахылаҧшра шарҭало.