Дара Аҧсныҟа иааит араҟа афатә зырхьшәашәо атехника аизгара алзыршо анаплакы аартра азҵаара аӡбаразы.
Саратов иҭрыжьуа архьшәашәагақәа Асовет Еидгыла аныҟаз аахиижьҭеи еицырдыруа техникоуп, дара акыр шықәса аус руеит.
Иахьазы анаплакы аҿы иҭрыжьуеит ҳаамҭа иақәшәо атехника, убри аан рыхәқәа акыр имаҷуп адунеи аҿы еицырдыруа егьырҭ архьшәашәагақәа раасҭа. Иахьазы архьшәашәагақәа 15 ҿыц рҭыжьра иалагеит.
Беслан Ешба архьшәашәагақәа рҭыжьразы анаплакы Аҟәа аартра азҵаара азҿлымҳара ааирҧшит. Ақалақь ахада иҳәеит Саратовтәи анаплакы ирыдыргало аус дшадгыло, уи иабзоураны аинвестициа Аҧсны алалара адагьы, аусурҭатә ҧыҧқәа шаатуа, аалыҵ аҭыжьра ишалаго. Уи Аҧсны аиҳабырагьы адгылара шарҭо.
Аиҧылараҿы аҩганкгьы иазгәарҭеит аҧхьаҟа иҟоу ажәалагала иҵегьы иҵауланы ишахәаҧшуа, уи анагӡаразы аусқәа шрыдыркыло.
Артур Темиров убас дазааҭгылеит рпродукциа Аҧснынтәи аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рахь агара азҵаара ишазҿлымҳау.
Беслан Ешба иҳәеит уи аҩыза алшара шыҟоу. Ҿырҧштәыс иаагозар, Шьамтәылаҟа ирышьҭыр шауа, аекономика аганахьала ари аҳәынҭқарреи Аҧсни аиқәшәаҳаҭрақәа рыбжьоуп.