Уаҟа иаҳәоит: «Ҳаҭыр зқәу Беслан Фиодр-иԥа! Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра анапхгара аҳҭнықалақь ауааԥсыра, асасцәа, хаҭала шәара ишәыдаҳныҳәалоит ақалақь Амш!
Аҟәа, Аԥсны ажәлар рзы аҵак ҷыда змоу, зегь еицрызгәакьоу қалақьуп. Аԥсадгьыл аҳҭнықалақьк аҳасаб ала ганрацәалатәи хаҭазаароуп. Атәылаҿ еиҳа иԥшӡоу ақалақьқәа ируакуп, ажәытә ҭоурых ду амоуп, Аԥсны злысыз аԥсҭазааратә ӡыблара ахҭыс дуқәа иршьаноуп, иахьагьы иџьашьатәны иҟоуп, аха раԥхьа иргыланы – аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылареи арӷәӷәареи рҟны ароль хада нанагӡоит.
Азқьышықәсқәа рыҩныҵҟала ақалақь анысит аиааирақәеи ауадаҩра дуӡӡақәеи рымҩа. Аԥсны ажәлар еиҳа иналукааша аамҭақәа раан рхы зқәырҵоз, ирыхьчоз раҳҭнықалақь ссир акәын.
Иахьа ҳара, ақалақь Амш азгәаҳҭартә аҭагылазаашьа иҳамоу ҳазҭаз, зхы-зыԥсы иамеигӡакәа иаӡәыкны еивагылаз иара ахьчаҩцәа роуп.
Аҟәа – Аԥсни аԥсуа жәлари иреиҳау рмазарақәа иреиуоуп. Амшын еиқәа иаԥну, ашьха кьоукьоуқәа зҿыкәыршо, иаҵәабӷьыла иҭалаҳау, архитектуратә баҟақәа рыла ибеиоу Аҟәа еиҳа-еиҳа аԥшӡахара, аиҭаҿиара амҩа иануп, ҳаамҭазтәи аҟазшьақәа шьҭыхуа ес-ииуа ирыциуеит.
Аныҳәамш шәагымзааит! Инаунагӡахааит!»