• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
14 июля 2021

Беслан Ешба имҩаҧигеит изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагыларазы аштаб аилатәара (+АВИДЕО)

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба имҩаҧигеит изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагыларазы аштаб аилатәара.

Уаҟа иара иҳәеит изықәнаго аусбарҭақәа ари аганахь ала русура иацырҵар шаку.

Аҟәатәи афымцатә цәаҳәақәа рҿы иҟоу «Енергосбыт» аиҳабы Џьамбулат Аршба иҳәеит дара аҵыхәтәантәи амчыбжь азы амаининг ферма хәыҷқәа 11 шаҿырхыз. Уаҟа иқәгылаз аппаратқәа 5-10 рҟынӡа ыҟан.

Беслан Ешба иҳәеит еиҭагәарҭар шаку анаплакқәа, аус зуа реиҧш, измыуагьы. Иҳәеит уаҟа, хымҧада, ишықәыргылатәу алашара шаҟа нырхуа гәазҭо априборқәа. Уи аҩыза аусура иалагахьеит «Енергосбыт» ахаҭарнакцәа. 

Џьамбулат Аршба иҳәеит ҩымзи бжаки ирылагӡаны Аҟәа ишгәарҭахьо 454 обиект, урҭ рахьынтә 30 х-фазак рҟынтәи иаҿыхуп, 50 рҟны иқәыргылоуп аҧхьаӡаратә приборқәа. Уи иабзоураны сынтәа ари апериод азы ҵыҧх аасҭа 2,5 млн аҧара еиҳаны илырххьеит.

Аҟәа ахада иҳәеит аусбарҭақәа зегьы русура дырӷәӷәарц, еиҳарак х-фазак зызнеиуа анаплакқәа гәарҭаларц.

Прочитано 662 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки