• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
23 июля 2021

Имҩаҧысит Аҟәа ақалақь аргыларатә хеилак аилатәара (+АВИДЕО)

Ахеилак аилатәара аҵыхәтәан имҩаҧган шықәсқәак раҧхьа, апандемиа иалагеижьҭеи аусура аанкылан.

Ари аамҭа иалагӡаны изхәаҧшраны иҟоу азҵаарақәа рацәахеит. Ахеилак иалоуп архитекторцәа, асахьаҭыхыҩцәа, аҭоурыхҭҵааҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа.

Ахеилак ахантәаҩы, Аҟәа ақалақь архитектор хада Светлана Шаменкова илҳәеит аҳҭны-қалақь ахатә стиль амазар шакуу, уи азы ақалақь аҿы идыргыло ахылаҧшра шаҭаху.

Аҧхьа иахәаҧшит аресторан «Диоскуриа» ареконструкциа азура азҵаара. Ари азҵаара изныкымкәа ицәырҵхьеит, аха иахьанӡа иаанхоит иӡбамкәа. 2012 ш. рзы ирыдгалан аресторан аиҭашьақәыргылара апроект, усҟан уи аекспертиза иахысит, аҵарауаа ибзиоуп ҳәа ирыҧхьаӡеит.

Аргыларатә еилакы иалоу Арда Инал-иҧа илҳәеит уи ашьҭахь, 2016 ш. рзы, апроект аиҭакрақәа шалагалаз, уи имаҷымкәа ацәажәарақәа шахылҿиааз. Лара лажәақәа рыла, урҭ алагалақәа рыла аресторан ареконструкциа ҟарҵар, уи аҭоурых хьаас амкра ауп иаанаго.

Аресторан ахьгылоу аҭоурыхтә ҭыҧ «Аҟәатәи абааш» адиректор Аинар Инал-иҧа игәаанагаралагьы, ас еиҧш иҟоу ареконструкциа мап ацәктәуп. Иара иҳәеит Асовет Еидгыла ахаан аҭоурыхтә баҟақәа рганахьала иҟаз авандализм ацҵара шаҭахым.

Аҩбатәи зҵааран иахәаҧшит акаҳуажәырҭа «Аҵааршә» ахьыҟоу аҭыҧ аҿы абылтәы ҭаҭәарҭа аргылара. Ахеилак иалаз зегьы ирҳәеит аргылара уа ишаҭахым, ақалақь аҿы иҟоу абылтәы ҭаҭәарҭақәа усгьы рхыҧхьаӡара шырацәоу.

Убас аргыларатә хеилак аҿы иахәаҧшит еиуеиҧшым ахыбрақәа рыргылара азҵаарақәа – ахәҳахәҭратә ҩнқәа, асасааирҭақәа, аҩнеихагыла дуқәа, акаҳуажәырҭақәа. Урҭ зегьы рзы ахеилак алахәылацәа ргәаанагара рҳәеит, иҟоуп ибзианы апроект ҟаҵоуп ҳәа ззырҳәаз. Урҭ рахь иаҵанакуеит Амҳаџьырқәа рыҧшаҳәаҿы, атеннисттә кортқәа ахьыҟо ааигәара акафе апроект.

Иҟоуп алагалақәа аҭахуп ҳәа иҧхьаӡаны урҭ апроект авторцәа иахьрыдыргало.

Ақалақь архитектор хада иазгәалҭеит ахеилак иалоу Аҟәа ақалақь аҭоурхытә ҟәша аҳәаақәа ахьышьақәыргылатәу иазхәыцырц. Светлана Шаменкова илҳәеит ақалақь аҭоурыхтә хәҭаҿы идыргыло аобиектқәа рзы арегламент шаҧҵатәу.

Аргыларатә хеилак аҿы изхәаҧшуа азҵаарақәа рзы ирыӡбаз ақалақь ахада иахь инарышьҭуеит, иара уи инақәыршәаны аусқәа идикыларц азы.

Прочитано 839 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки