• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
03 сентября 2021

Ақалақь аҿы аӡы злацо аколлекторқәа рыҧсахразы имҩаҧысуеит зымҽхак ҭбаау аиҭашьықәыргыларақәа

Аҧсны асоциалтә-економикатә ҿиаразы аинвестпрограмма иҭагӡаны Аҟәа ақалақь амҩадуқәа хҧа - Џьонуа, Гулиа, Абазақәа рымҩа рҿы имҩаҧсыуеит аӡы злацо аколлекторқәа реиҭашьақәыргылара. 

Зегь раасҭа иуадаҩу аусмҩаҧгатәқәа цәырҵит Абазақәа рымҩаҿы. Ара аӡы ацарҭа ршәаҳаит ааигәа изызҳауаз аҵла дуқәа рдацқәа.  Акоммуналтә усбарҭа аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Руслан Аҩӡба иажәақәа рыла, рҿаҧхьа иқәгылеит азҵаара – аӡы ацарҭа ишахәҭоу аиҭашьақәыргыларазы аҵлақәа рыхҵәара, мамзаргьы аҵлақәа рааныжьра, аамҭак ашьҭахь здацқәа дырҩегьых ауадаҩрақәа цәырызго.

Иҳәатәуп, аҵлақәа рдацқәа аҧхасҭа шрырҭо атротуар адагьы, изыдгыло аҩнқәагьы. Убриаҟара рдацқәа ӷәӷәоуп, аҩны атӡқәа арҷоит. Ара инхо ирҳәоит, аӡы мҩазго аус ахьамуа иахҟьаны қәак ауцыҧхьаӡа, шьамхахьы ишрыҵало, рышҭеи рыҩни ишыҩналоу. Инаҧшуа ма имҩасуа ауаҩы изеилкаауам ҳара ҳазҭагылоу, аҵлақәа ртәы рҳәоит, урҭ ҿыц еиҭауҳар ауеит, ҳара ҳрыцҳазшьода, рҳәоит.

Аҵлақәа рыхҵәара азҵаара Аҟәа ахадара еснагь аекологцәа адҧхьаланы иалацәажәоит. Урҭ раҳасабрба иақәныҟәоит.

«Аӡы ахьцо ақәҭаныҵәҟьа иақәшәеит аҵлақәа. Аҵлақәа ауаа ирҧырхагоуп, аусҩцәа ирҧырхагоуп. Дара ықәымгакәа ирзыҟаҵом рус. Аус аанкылахоит. Аусгьы ҟаҵатәуп, аҵлақәагьы хьчатәуп, аха излауа ала. Иамуазар - иауам. Ианалгалак аҵла ҿыцқәа еиҭарҳарц ргәы иҭоуп», - иҳәеит Аекологиа азы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Мурман Соломко.

Акоммуналтә усбарҭа аинџьныр Кама Кәҭелиаҧҳа лажәақәа рыла, аиҭашьақәыргылартә усқәа анхдыркәшалак ашьҭахь, Абазақәа рымҩаҿы ацла ҿыцқәа еиҭарҳауеит. Убри аан иалххоит уи аҟара здацқәа дуумхо, ҧырхага ҟазымҵо ахкқәа.

 

 

 

 

Прочитано 704 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки