Ари аҩыза акциа Аҧсны аҳҭнықалақь амҩаҧгара аҧшьыргеит Акультуреи, аспорти, аҧшӡареи рзы амилаҭтә Ассоциациа. Аҟәа ақалақь ахадарахь иҟарҵаз ажәалагала адгылара аиуит.
Аҟәа ақалақь ахадареи Акультуреи, аспорти, аҧшӡареи рзы амилаҭтә Ассоциациеи изныкымкәа еиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа еицынарыгӡахьеит. Уажәгьы раҧшьгара ажәала мацара акәымкәа махәҿалагьы иадгылеит – ақалақь ахадареи аҩнхарҭа аусбарҭақәа русуҩцәеи ақалақьуааи еицхырааны агәам-сам ақәгара нап адыркит Алашарбага араион абжьаларҭа азааигәара иҟоу апарк аҿы.
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба акциа ахьымҩаҧысуаз аҭыҧ аҿы днеит, дрыҿцәажәеит уи алахәылацәеи аиҿкааҩцәеи.
Адунеизегьтәи акциа «Ацқьара амш» мҩаҧыргоит 2008 раахыс. Уижьҭеи 50 миллионҩык реиҳа алахәхахьеит иахьымҩаҧырго 180 ҳәынҭқаррақәа рҟны. Уажәшьҭарнахыс уи асиаҿы иҟоуп Аҟәа.
Акциа алахәылацәа аҳабла ҿыц инхо рахь ааҧхьара ҟарҵеит ирымардарц аҳҭнықалақь арыцқьаразы ихацдыркыз аус.