• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
09 октября 2022

Беслан Ешба зхадараҿы дыҟаз Аҟәа ақалақь ахадара аделегациа Грозныи ақалақь амш азгәаҭара иалахәын

Грозныи ақалақь ахадара иҟарҵаз ааҧхьарала Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, уи ихаҭыҧуаҩ Автандил Сурманидзе Чечентәыла аҳҭны-қалақь 204 ш. ахыҵра азгәаҭара иалахәын. 

Грозныи имюа8газ аныщъа убас Урыстәыла 20 қалақь рҟынтәи аделегациақәа алахәын.

Чечентәыла актәи ахада Ахмат-Хаджи Кадыров имемориалтә комплекс аҿы имҩаҧган ақалақь Грозныи амш аартра. Грозныи ахада Хас-Магомед Кадыров бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит аныҳәа иалахуз зегьы.

«Сара гәахәарыла иазгәасҭоит Грозныи зегь реиҳа аҿиара иаҿу Урыстәыла ақалақьқәа рхыҧхьаӡараҿы ишыҟоу. Убас Грозныи иаҭаауа асасцәа рацәоуп», - иҳәеит Хас-Магомед Кадыров.

Аныҳәа иалахәыз ашәҭқәа шьҭарҵеит Чечентәыла актәи ахада Ахмат-Хаджи Кадыров ибаҟа аҿаҧхьа. Убас асасцәа рзы амемориалтә комплекс иаҵанакуа амузеи аҿы аекскурсиа еи=ыркааит.

Уи ашьҭахь аделегациақәа амҩа иқәлеит Чечентәыла амилаҭтә музеи ахь. Уахь Грозныи ахада Хас-Магомед Кадыров Аҟәа аделегациа дрыцны дцеит.

Амузеи аҿы ицәыргоуп асасцәа зҿлымҳара рызцәырызгаз  ачечен жәлар рҭоурых, рыбзазашьа атәы зҳәо аматериалқәа.

Анаюс ақалақь Грозныи аныҳәа иаҭааз нарыҧхьеит аетнографиатә комплекс ахь. Уаҟа ицәырган ачечен жәлар рынхара-рын7ра зныҧшуа аматериалқәа, анаплыхқәа. Асасцәа ирыдыргалон амилаҭтә чысқәа, ишәаҳәон, икәашон.  

Анаҩс Грозныи ахада аныҳәха иалахәыз аделегациақәа рзы аофициалтә дкылара мҩаҧигеит. Аҟәа ақалақь ахада Грозныи иқәынхо ирыдиныҳәалеит рықалаь амш, ирзеиӷьеишьеит аҧхьаҟагьы аизҳазыӷьара. Беслан Ешба Хас-Магомед Кадыров Аҟәаҟа ааҧхьара ииҭеит. Беслан Ешба Грозныи ахада ҳамҭас ииҭеит алабашьа, ахҭырҧа, дамассктәи аџьыр иалху аҧсуа ҳәызба, иара убас Аҧсны амилаҭтә банк иҭнажьыз амонета «Аиааира».

Анаҩс агурӷьаратә еилатәара мҩаҧган Чечентәылеи, Аҧсни, жәлар рартист Дагун Омаев ихьӡ зху Грозныи ийоу ахан аҿы. Аилатәара далахәын Чечентәыла ахада Рамзан Кадыров. Иара имширагьы аҽны иазгәарҭон. Урыстәыла ахада иусҧҟала Рамзан Кадыров Росгвардиа аинрал-полковник ҳәа ахьӡ ихҵоуп.

Рамзан Кадыров ачечен жәлар Грозныи 204 ш. ахыҵра рыдиныҳәалеит. Иазгуеиҭеит Чечентәыла аҳҭны-қалақь Урыстәыла зегь реиҳа иҧшӡоу ақалақьқәа рхыҧхьаӡараҿ ишыҟоу, ареспублика зегьы аизҳара ишасимволу.

Агурӷьаратә еилатәара анаҩс Рамзан Кадырови асацәеи Аргун аганахьала Грозныи уахьалало идыргылаз аҧслымӡ сааҭ ҳәа изышьҭоу аинсталлиациа аартра иалахәын. Ари асааҭ Грозныи аиҭаргылара иасимволхеит.

«Ауаа ирхашҭуа иалагеит Грозныи шаҟа ааха амаз, заҟа аамҭа цәгьа ҳҭагылаз. Асасцәагьы азҿлымҳауп Чечентәыла аҭоурых, убри азы ауп ари аҧслымӡ сааҭ зыҟаҵоу, иара иунарбоит ҳара иаҳхаҳгаз», - иҳәеит Рамзан Кадыров.

Грозныи ақалақь амш иазкны «Софиа» захьӡу ахан аҟны Чечентәыла ахада ихьӡала адкылара мҩаҧган. Асасцәа рзы еиҿкаан аконцерт, ирҳәон ашәақәа, икәашон.

Ақалақь Грозныи аҭоурых алагеит 1818 ш. рзы абаа «Грознаиа» аргылара ашьаҭа анадыркыз. Археологиатә ҧшаарақәа изладырҵабыргуа ала, ари аҭыҧ аҿы ҳера ҟалаанӡа актәи ашәышықәса азыбжазы ауаа анхара иалагахьан. 16-тәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы ақалақь ахьгыло аҭыҧ, Ҟрыми Ирани рыбжьара иҟаз ахәҳахәҭра мҩаҿы астратегиа ҵакы змаз пукнтны иҟан.

Асовет аамҭазы Грозныи ибзиан аҿиара рыман аекономика, акультура, аҟазара. Анаҩс Чечентәыла ицоз аибашьраан Грозныи еилаҧҽын, ргыларакгьы аанымхеит. Иахьа Грозныи ҿыц еиҭаргылоуп, зегь реиҳа еицырдыруа ракуны иҟоуп ақалақь агуаны игылоу аџьаамеи Грозныи-сити акомплекстә ргыларақәеи. Октиабр 7 рзы иаартын «Минутка» захьӡу зфункционал рацәоу даҽа комплексгьы. Уи аартра Урыстәыла ахада 70 ш. ихыҵра иадырҳәалеит, уи аҽны имҩаҧыргеит.

 

 

Прочитано 355 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки