Версия для печати
15 мая 2023

Беслан Ешба ихы алаирхәит Владислав Арӡынба диижьҭеи 78 шықәса аҵра иазку ацәыргақәҵа аартра

Аҟәа ахада Беслан Ешба, уи ихаҭыҧуаҩ Автандил Сурманиӡе Владислав Арӡынба диижьҭеи 78 шықәса аҵра иазку ацәыргақәҵа аартра рхы аладырхәит.

Ацәыргақәҵа аартын Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы. Убас иахьа иӡырган ашәҟәы «Аԥсны. Арӡынба. Ахақәиҭра».

Ацәыгақәҵа еиҿыркааит Гәыгәыца Џьыкырԥҳа, Аслан Аҩӡба, Кьасоу Ҳагба.

«Аекспозициа зегьы сериа-сериала ишоит. Умыццакӡакәа уаангыланы уахәаҧшыр, сгәы иаанагоит, еиуеиҧшым аамҭақәа рзы Владислав Арӡынба ихаҿсахьа ӡырызго материал хыҵхырҭаны иҟалоит», - лҳәеит Ельвира Арсалиаҧҳа.

«Ишәасҳәар стахуп, афотоальбом ҟаҵан, абри ацәыргақәҵа иҟаз ҳаман ҳаннеи Владислав Грироги-иҧа абас ҳаиҳәеит Кьасоуи сареи: «Абри акәымкәа Аҧсны иҭахаз зегьы рсахьақәа зну афотоальбом ҟашәҵазҭгьы» ҳәа. Урҭ ажәақәа ахаан исхашҭуам. Иӷьеҩыз, ахшыҩ ду змаз, хара иҧшуаз, аибашьра ҳалызгаз акыҩ-акыҩ хәа саркьалҵас иахьагьы иаҳҭаххар ибжьы ҳаҳауа, иаҳзаанижьит хәы змаӡам аҭынха. Аҧсны ахақәҭра азааганы, аҳәынҭқарра ашьаҭа аркны ҳазниҵаз амҩа наҟ-наҟ аҧеиҧшгьы аанижьит иҩымҭақәа рҿы», - лҳәеит Гәыгәыца Џьыкырба.

Прочитано 400 раз