• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
30 сентября 2023

Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлар ирыдиныҳәалеит Аиааира 30 шықәса ахыҵра

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсны жәлар ирыдиныҳәалеит Аиааира 30 шықәса ахыҵра.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

Ажәлар шәхацкы! Ҳаҭыр ду зқәу аветеранцәа!

Иахьа иазгәаҳҭоит аԥсуаа зегьы ҳзы аҵак ду змоу, иԥшьоу Аиааира ду амш!

30 шықәса раԥхьа ҳаибашьцәа-гәымшәақәа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Аԥсны иалцаны, Егры аҳәааҟны Аиааира абираҟ ахадыргылеит!

Аиааиреи ахақәиҭреи рымш ҳажәлар зегьы анеицгәырӷьо иамшныҳәоуп, аха уи иацуп алахьеиқәрагьы.

1992 шықәса нанҳәамза 14 рзы бџьарла еиқәных Аԥсны иалалаз аӷа игәҭакы наӡазҭгьы, ашәарҭара иҭагылоз Аԥсуа ҳәынҭқара мацара акәмызт. Усҟан аҟазаареи аҟамзаареи ирыбжьагылан аԥсуа жәларгьы. Аха ҳаибашьцәа гәымшәақәа ирыбзоураны еиқәырхоуп ҳажәлар, еиҭашьақәыргылоуп Аԥсуа ҳәынҭқарра!

Ҳажәлар рзы разҟ дуун иаҳа ианыуадаҩыз аамҭазы Анцәа дахьҳаҭәеишьаз зыԥсадгьыли зыуаажәлари рзы зхы иамеигӡоз, еицҿакны ажәлар зегьы зыгәра ргоз Аԥыза – Владислав Арӡынба! Уи Аԥсны ахьчаразы иажәа аӡәк еиԥш иахаҵгылеит ҳаибшьцәа.

Урҭ ирывагылеит аиашара ҳара ҳганахь ишыҟаз еилызкааз Аԥсны иқәынхо егьырҭ амилаҭқәа рхаҭарнакцәагьы.

Ҳаԥсадгьыл ашәарҭа ианҭагыла ҳхала ҳаанырмыжьит Нхыҵ Кавказ инхо ҳашьцәа, аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа, убас, Урыстәыла ахаҭарнакцәа.

Аԥсны Арбџьар мчқәа аԥҵан аибашьра анцоз ашықәсқәа рзы. Урҭ напхгара рырҭон Владислав Арӡынба ивагылаз Сулҭан Сосналиев, Сергеи Дбар, егьырҭ ар рыдҵаҟаҵаҩцәа.

Ҳарҭ, аԥсуа жәлар лымкаала ҳахӡыӡаалароуп шьала иаагоу ахақәиҭра, иҳахьчалароуп иаҳгаз Аиааира ду!

Акыр иаԥсоу аветеранцәа! Шәара ишәыбзоураны иахьа ҳанхоит ҳанҵуеит зхы иақәиҭу Аԥсуа ҳәынҭқарраҟны, ҳаԥсадгьыл иқәыҩуеит ҳбызшәа. Шәара иаашәырԥшыз афырхаҵара ҿырԥшыганы иҟоуп изызҳауа абиԥаразы.

Иахьа лымкаала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳаибашьцәа гәымшәақәа Аԥсадгьыл абзиабара, уи ахақәиҭразы ахамеигӡара рылазааӡаз анацәеи абацәеи!

Даара игәышьҭыхгоуп даргьы ҳаргьы иаҳзеиԥшу аныҳәа рхы аладырхәырц иахьаҳзааз аиҩызара ҳзызуа, есқьынгьы иҳадгылоу ареспубликақәа рнапхгаҩцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз ҳашьцәа, мшын нырцәынтәи ҳџьынџьуаа.

Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аиааира ду амш!

Нагӡара ақәзааит Аԥсуа ҳәынҭқарра! Аизҳара рымазааит аԥсуа жәлар, иҟазааит еснагь ҳадгьыл аҟны аҭынчра!

 

Шьардаамҭа Аԥсныра!

 

 

Прочитано 370 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки