• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
04 октября 2023

Ҭырқәтәылантәи иҭахаз Ведаҭ Кәаӡбеи Зафер Аргәыни рҭаацәа рҧылара мҩаҧысит Аԥсны анацәа рхеидкыла Аҟәатәи аҟәшаҿы

Аԥсны анацәа рхеидкыла Аҟәатәи аҟәшаҿы имҩаҧысит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Ҭырқәтәылантәи иҭахаз Ведаҭ Кәаӡбеи Зафер Аргәыни рҭаацәеи рыуацәеи рҧылара.

Дара Аҧсныҟа ааҧхьара рыман Аиааира 30-шықәса ахыҵра иазкыз агәырӷьаратә усмҩаҧгатәқәа рҽаладырхәырц.

Анацәа рхеидкыла Аҟәатәи аҟәшаҿы еиҿкаауп афотоҭӡамц иахьыкнаҳо иҭахақәаз рфотосахьақәа.

Аиҧылара аҧхарра аҵаны имҩаҧысит. Анацәа рылаӷырӡ рзынкыломызт рҧацәа рхаҿсахьақәа иахьрыхәаҧшуаз. Еиҿкааз афотоҭӡамци имҩаҧгаз аиҧылареи агәра днаргон Аҧсны зхы ақәызҵаз рҵеицәа шырхамышҭуа, иззеибашьуаз адгьылаҿ ргәалашәара шнаунагӡоу.

«Арҭ рызегь рыҩнқәа рҿы ҳнеихьеит. Дара анаа, анацәеи ҳареи ҳаибабар ҳҭаххеит. Иашоуп, Аҧсны аиҳабыра рҧылеит, аибашьцәа рҧылеит, аха ҳаргьы анацәа ҳаибабар ҳҭаххан, ҳҽеиқәыршәаны, иааганы, рыҷкәынцәа баша ишҭамхаз, ишаҳхамышҭуа ала, убас асахьақәа ҭыхны ишкыду, ҳаҷкәынцәа ирываргыланы ишыҟоу ҳџьынџьуаа идҳарбап ҳҳәан иааҳаҧхьан, ҭаацәашәала, аныки аныки шеицәажәо еиҧш ҳаидтәаланы ҳаицәажәеит», - лҳәеит Ахеидкыла аиҳабы Фируза Қаҧба.

80-шықәса зхыҵуа Ведат Кәаӡба иан Ҭериҳан Қаҧба-Кәаӡба Аҧсны даахьан лыҷкәын инышәынҭрахь 28 шықәса раҧхьа. Уи иҟаиҵаз иҿахәы ала джуп ихы зқәиҵаз иҭоурыхтә ҧсадгьыл аҿы.

«Даныҧсы ҩ-шықәса рышьҭахь иаби сареи ҳааит, инышәынҭра ҟаҳҵан, ҳцеит. Даҽазны ҳзымааӡеит. Сыҷкәын аиҵбы жәа-шықәса раҧхьа даан дцеит. Аара ацарақәагьы мариаӡам. Уажәы сашьа симаны дааит. Аӡәы дсыцымкәа џьаргьы сызцаӡом, агәыларагьы сызцаӡом. Сыҷкәынцәа зымааӡеит, сыҧҳа дзааӡом, уара дга иҳәан сыҷкәын, сашьа симаны дааит. Ҳахьааиз ибзиахеит, иаҳбеит, иҳаҳаит, аизара рацәахеит. Гәахәас иҟаҳҵеит ҳаргьы. Схәыҷқәа заар, иаап ицап. Зегьы Анцәа дышәзыразхааит. Пату ҳақәышәҵеит, ҳаҧхьа шәгылеит, ҳшәыртәеит, ҳшәыргылеит. Шәызегь ҳашәзыразуп», - лҳәеит Ҭериҳан Қаҧба-Кәаӡба.

 

Прочитано 477 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки