• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
12 января 2024

Мэрия Нижнего Новгорода приглашает жителей Сухума принять участие в мероприятии, посвященном 225-летию Александра Пушкина

14 февраля 2024 года в Нижнем Новгороде планируют провести мероприятие, посвященное 225-летию великого русского поэта Александра Сергеевича Пушкина.

Организаторы предлагают жителям города Сухум поучаствовать в мероприятии. Для этого нужно в срок до 10 февраля 2024 года прислать видеоролики следующего содержания:

  1. Житель/группа жителей города читает на родном языке стихотворение А. С. Пушкина «Я помню чудное мгновенье» (К Керн).
  2. Группа жителей города читает любое не очень длинное стихотворение А. С. Пушкина на русском языке (читают по очереди, можно по строкам, строфам, четверостишиям и т.д.).

Каждый желающий может прислать неограниченное количество роликов со своим участием. Ролики могут быть записаны на мобильный телефон или на камеру.

В групповое чтение желательно привлечь как можно больше участников.

Организаторы ждут ваши видеоролики.

Ролики можно присылать на электронную почту: Адрес электронной почты защищен от спам-ботов. Для просмотра адреса в вашем браузере должен быть включен Javascript..

 Мы предлагаем вам стихотворение «Я помню чудное мгновенье» на абхазском языке в переводе Дмитрия Гулиа, Владимира Цвинария и Мушни Ласурия.

___

Ссир лаҧшҵашәарак сгәалашәоит сара:

Сара сҿаҧхьа баацәырҵит бара,

Ииаҟьаз лаҧшнаӡарак еиҧш,

Зеиҧшыҟам ҧшӡа каҧхарак еиҧш.

 

Аргәаҟ лахьеиқәҵа гәыӷырҭадеи

Рҳашәақә бжьыцәгьа еилаҩынтреи

Ирылҩны иаауан ихааӡа быбжьы,

Сагьеиҧхыӡуан бхыбҿсахьа гәыкы.

 

Ицон аамҭақәа. Гәыҧҵәага еилаҩынтра

Исҟәнаҟьеит ҧасатәи сгәыӷра.

Исхашҭит бара быбжьы хаа,

Ижәҩантәу уи  бхыбҿсахьа.

 

Лашьца ҭакырҭаҿы уаҩыдарала,

Ицон ҭынч сымшқәа еишьҭагыла,

Нҵәарада, убас гәышьҭыхрада,

Лаӷырӡыда, бзиабарада.

 

Уажәы сыҧсы ҭалт, иаҿуп азҳара:

Абар саҧхьа баацәырҵ бара,

Иниаҟьаз лаҧшнаӡарак еиҧш,

Зеиҧшыҟам ҧшӡа каҧхарак еиҧш.

 

Зынӡа гәыӷрала сгәы ҭгәырӷьааит,

Анцәара, убас агәышьҭыхра,

Дырҩегь уи азы еиҭабзаахит,

Алаӷырӡ, абзиабара.

Еиҭеигеит Д. Гәлиа

 

К…

Исгәалашәоит ссирк лаҧшҵашәаран,

Са сҿаҧхьа баацәырҵит бара,

Исҿалашеит мацәыс еимҟьаран

Ацқьара иагениу быҧшра.

 

Быгәхьааганы гәыӷрада сгәыӷуан,

Наҟ ӡыбларак сама ицон,

Быбжьы хаа ус краамҭаӡа исзааҩуан,

Бхыбҿы гәыкы ҧхыӡла избон.

 

Таку бжьысит. Ус аамҭа ацәқәырҧара

Са схәыцрақәа агеит ицҟьаны,

Исхашҭит быбжьы хаа агәкыра,

Исхашҭит ижәҩантәу бхы-бҿы.

 

Тымитышак сҭаршәын цәашьыда,

Сымш лашьцақәа аарла игәагәон,

Гәыӷрада, гәҭыхада, нцәада,

Бзиабарада, разҟыда сџьабон.

 

Иахьӡеит, иахьӡеит сыҧсы ашара,

Ҩаҧхьа сҿаҧхьа баацәырҵит бара,

Исгәалашәеит мацәыс еимҟьаран

Ацқьара иагениу быҧшра.

 

Шьҭа ахааназгьы имыцәо ианҿыха,

О, аҧсыцқьа рхалеит сгәаҿы.

Нцәахәыс ҳәа исызкыду сыгәҭыха,

Сыбзиабара, сгәыӷра, сразҟы.

Еиҭеигеит В. Ҵнариа

 

 

А. П. КЕРН БАХЬ

Исгәалашәоит, мгеимцара ссирны,

Сҿаҧхьа бцәырҵит уи аҽны.

Ицәырҟьа-цәырсуа лаҧшҵашәаран.

Ижәҩантәу ҧшӡаран, бымбатәны!

 

Ианҭалоз сгәыӷра лаша ҧыххаа –

Имҩахго сшәаӡыӡа, сгәырҩара:

Есааира исыцын ба быбжьы-хаа,

Избон сыҧхыӡаҿ ба бхаҿра.

 

Ицон ашықәсқәа фырҭынха,

Иаҿын са сгәаҳәа аҵыкәкәара.

Ус-ус, исхашҭит ба быбжьы хаа,

Убас ижәҩантәу ба бхаҿра.

 

Адунеи иаҟәыгоу, иҭацәу аҭыҧаҿ

Игәагәон са сымш хьанҭақәа убра.

Лабжышыз, гәаҳәараз, насыҧыз,

Дынцәаз – саанрыжьхьан наҟ хара.

 

Абар, зегь шьҭрақәлеит, еимгеимцаран,

Бцәырҵит – бшызбахьаз мшаҽны:

Ицәырҟьа-цәырсуа лаҧшҵашәаран,

Ижәҩантәу ҧшӡаран, бымбатәны!...

 

Сгәы ҭыҵны ицоит, агәырӷьа иаҳәа,

Абар, ҽакала зегь ааҳәит:

Сгәеисра, сылаӷырӡ, са сгәаҳәа

Ҩаҧхьа ихышхыҵәан ихынҳәит!

 

Еиҭеигеит М. Лашәриа

 

 

 

 

Прочитано 446 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки