• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
20 февраля 2024

Дырмит Гәлиа 150 шықәса ихыҵра инамаданы еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит

Жәабран 21 - аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны Жәлар рпоет, адраматург, апрозаик, арккаҩы, аҭоурыхҭҵааҩы Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа иубилеитә мшуп.

Аҟәа ақалақь ахадара иатәу Аҵарадырра аусбарҭа иаҵанакуа ашколқәа рҟны Д.И. Гәлиа иира амш инамаданы имҩаԥысуеит игәалашәара иазкны еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа, иаарту акласстә сааҭқәа, иаҭаауеит Д. Гәлиа илитературатә - мемориалтә музеи, ибаҟа аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит, ашколхәыҷқәа иаадырԥшуеит азҿлымҳара иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи рахь, аанацҳауеит Аҵарадырра аусбарҭа.

Аԥсуаа зхатә ҷыдара змоу, ижәытәӡоу, даҽа милаҭк иаламҩашьо, зхатәы бызшәеи, зхатә ҭоурыхи змоу, жәытәнатә аахыс Аԥсны иқәынхо, уи иашьагәыҭу, жәларуп ҳәа аԥхьаӡа аҵарадырраҿы изҳәақәаз дреиуан Д.И. Гәлиа.

А. С. Пушкин ихьӡ зху Абжьаратә школ №2 аҟны имҩаԥган Д.И. Гәлиа ииубилеи инамаданы «Амузыкалтә-сахьаркыратә композициа». 

Е. А. Ешба ихьӡ зху абжьаратә школ № 5 аҟны имҩаԥган Д.И. Гәлиа игәалашәара иазкны аконференциа: «Аԥсуа жәлар рԥа соуп сара!» Аконференциа мҩаԥылгеит Саида Смыр.

Аҵарауаҩ, арҵаҩы, аҭоурыхҭҵааҩы, аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа 150 шықәса ихыҵра иазку ахәылԥаз мҩаԥган А.К. Наӡаӡе лыхьӡ зху абжьаратә школ №15 аҟны.

Иазааҭгылеит ашәҟәыҩҩы ибиографиеи ирҿиаратә мҩеи. Аҵаҩцәа исахьаркны иаԥхьеит ашәҟәыҩҩы иҩымҭа шьахәқәа, инарыгӡеит иажәеинраалақәа рыла еиқәыршәоу ашәақәа.

Иара убас, ахәылԥаз аҟны аҵаҩцәа идырбан Дырмит Гәлиа изкыз авидеонҵамҭа.

Абжьаратә школ N°7  аҟны имҩаԥган Д.И. Гәлиа 150 ш. ихыҵра иазку ахәылԥаз:

«Д. Гәлиа ҳарҵаҩ дуӡӡа,

Д.Гәлиа - Аԥсны аҭоурых,

Д.Гәлиа - ҳажәа, ҳашәа...

Ҳара ҳдоуҳа иахалаз ԥсыс».

Ахәылԥаз мҩаԥылгеит Инга Ҭҳәазба.

 

Прочитано 296 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки