Атуроператорцәа ишазгәарҭо ала, 2024 шықәсазы Аԥсны иаҭаауа аԥсшьаҩцәа 15-25 % еиҳахоит ҵыԥх аасҭа.
Атуристтә аамҭеи амшынҭалареи ишазыҟаҵоуи, аԥсшьаҩцәа ршәарҭадаразы еиҿкаауа ауснагӡатәқәеи, аԥсшьаҩцәа рыдкылара аиӷьтәразы имҩаԥго аусурақәеи уҳәа, абарҭ азҵаарақәа ирылацәажәеит Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡеи, Ассоциациа "Аԥсуа гид" ахантәаҩы Омар Малиеи, Гәдоуҭа араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡбеи.
Инарҭбаау аиҿцәажәара арадио Sputnik Аԥсны адырраҭара "Аҳәатәи аҳәашьеи" аҿы.
https://www.facebook.com/share/v/KR1gS6uRGcabQg9d/?mibextid=qi2Omg