Аӡиас Аӡаҧшь ҭагалани, ааҧынреи рзы ақәаршҩы анауа ааигәа-сигәа инхо ауаа апроблема рызцәырнагоит. Иара хыҵны изныкымкәа ирыҵалахьеит, аҧхасҭа ӷәӷәа рнаҭоит. Ари апроблема аӡбара ақалақь аусбарҭақәа рҽазыршәахьеит, аха азҵаара ӡбамкәа иахьанӡа иаанхеит. Аигәа араҟа инхо даҽазнык ақалақь ахадарахь ааҧхьара ҟарҵеит рпроблема аӡбара иадгыларц.
Аҟәа ақалақь аусбарҭақәа араҟа аусурақәа мҩаҧыргоит ҩымчыбжь инарзынаҧшуа. Атехника ҷыдала ирыцқьоуп аӡиас иахиааны иҟаз аҵлақәа, иқәгоуп агәам-сам.
Беслан Ешба иҳәеит иахьазы имҩаҧырго аусурақәа шықәсыбжак, ма шықәсык акәымкәа, акыр шықәса инеиртә иҟарҵарц.
Аҭыҧантәи ауааҧсыра егьараантә ирҳәахьазаргьы, абыржәы рпроблема шырыӡбо азы агәыӷра аадырҧшит.