• 8 840 226-42-66
  • admin_sukhum@mail.ru
  • Аҧсны Аҳәынҭқарра, 384900 Аҟәа, Леон имҩаду, 17 | Республика Абхазия, 384900 Сухум, проспект Леона, 17
11 августа 2021

Беслан Ешба аӡы злацо атрубақәа ахьыҵарҵо амҩадуқәа рҿы аусурақәа шцо гәеиҭеит

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи уи ихаҭыҧуаҩ Авҭандил Сурманиӡеи аӡы злацо атрубақәа ахьыҵарҵо амҩадуқәа рҿы аусурақәа шцо гәарҭеит. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аҧхьа днеит Џьонуа имҩаду аҿы.

Араҟа аӡы злацо атрубақәа рыҵаҵара иаҿуп.  

Аҟәатәи «Аӡыканал» аиҳабы Даур Паҷкориа ақалақь ахада еиҳәеит аусурақәа шцо, проблемас ирызцәырҵуа атәы. Ари амҩаду аҿы иҵарҵоит еиуеиҧшым адиаметр змо атрубақәа, амшын иазааигәахацыҧхьаӡа адиаметр еиҳартәуеит.

Гулиа имҩаду аҿы 1150 метра аколлекторқәа ҧсахтәуп, диаметрла 200, 315, 500 мм иҟоу рыла. Иҟоуп атруба анышьҭарҵо уаанӡа иҵоу акоммуникациақәа анырҧырхаго, иаагозар аҭелтә цәаҳәақәа ахьышьҭоу. Беслан Ешба иҳәеит егьырҭ аусбарҭақәеи дареи аимадара бзиа рыбжьазар шакуу, аус арццакразы. Иара агәра идыргеит ус ишыҟоу.

Акоммуналтә усбарҭа адепартамент аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Руслан Аҩӡба иҳәеит ақалақь аҿы аӡы ахьцо аколлекторқәа зегьы шажәыз. Уи анаҩсгьы анхацәа аканализациа аӡымҩангагақәа иахьрыларҵаз шыҟоу, уи зегьы аҭагылазаашьа шарцәгьо. Уажәы ицо аусурақәа  анымҩаҧыргалак ашьҭахь аколлектор аусура азҵаара акыр шықәса иӡбахоит.

Абазинскаиа амҩаду аҿы аӡышьҭра арыцқьара иахьалагаз ишеигәырӷьо атәы рҳәоит араҟа инхо ауааҧсыра. Дара иазгәарҭоит уахынла ақәаура иалагар ишызмыцәо, аӡы рыҵалар ҳәа ишәаны.

Аекологиатә маҵзура аиҳабы Савели Ҷыҭанаа иҳәеит аусурақәа ахьцо Абазинскаиа амҩаду аҿы аҵлақәа рҭагылазаашьа аекспертцәа шахәаҧшыз. Уи анаҩсгьы ақалақь ахада иҟаиҵаз аҳәарала иара ихаҭа днеины ибеит аҭагылазаашьа.  Савели Ҷыҭанаа иҳәеит уаанӡа иҧҟатәыз аҵлақәагьы шыҟоу, аха конкретла ҵлацыҧхьаӡа аҭагылазаашьа гәаҭаны ишазнеиуа. Беслан Ешба иҳәеит иахьынӡауа аҵлақәа шаанрыжьуа, иахьамуа иқәырго рҭыҧан даҽа ҵлақәак шеиҭарҳауа.

Авҭандил Сурманиӡе иҳәеит Аинвестпрограмма ала маҷк ихьшәаны аҧара шоушьҭыз, уи азы аусурақәа ирласны изрыламгеит, аха уажәшьҭарнахыс изҵахо ҳәа акагьы шыҟамло азгәеиҭеит. Иҳәеит ақалақь ахадараҿы ауаа ауадаҩрақәа шрызцәырҵуа шеилыркаауа, аха аусурақәа рышьҭахь амҩақәа ҧшӡаӡа ишыҟало.

Беслан Ешба иҳәеит аусурақәа рымҽхак шыҭбаау. Уаанӡа ианазыҧшыз аҧара Аинвестпрограммала иаурыжьызҭгьы, аусурақәа иаҳа ишыласхоз, аха уажәазы аматериалқәа рыла проблема шыҟам азгәеиҭеит. Иҳәеит убас акоммуникациақәа зегьы зну ахсаала ахьыҟам азы апроблемақәа шцәырҧуа, аха урҭ оперативла ишаҧырхуа.

Беслан Ешба иазгәеиҭеит уажәтәи аусурақәа аиҳарак Аҟәа ақалақь анаплакқәа ишымҩаҧырго. Аус арццакразы Абазинскаиа амҩаду аҿы аусурақәа ирыдыҧхьалан асубподриадтә организациа. Аха урҭгьы ахылаҧшра рырҭоит Аҟәа ақалақь аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа. Ақалақь ахада иҳәеит урҭ рҿаҧхьа дҵаны ишықәгылоу сентиабр нҵәаанӡа аусурақәа рхыркәшара.

 

 

Прочитано 685 раз

Экстренные службы:

Милиция: 02, 002
Скорая помощь: 03, 003
Пожарная охрана, МЧС: 01, 001

Подробнее

Контактные данные:

Республика Абхазия
384900 Сухум
проспект Леона, 17
тел: 8​ 840​ 226-42-66

Приемная:

Прием осуществляется по
предварительной записи
по номеру (8840) 226-42-66
понедельник - пятница: с 9:00 до 16:00
Выходной: суббота - воскресенье

 

Полезные ссылки